АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik. Аконтржәылара иалагазар, Киев 71 нызқьҩык ауаа ацәыӡхьеит иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин Владивосток имҩаԥысуа Мрагыларатәи аекономикатә форум апленартә сессиаҿы.
"Украина аконтржәылара мҩаԥнагоит, аха лҵшәа амам. Аҳәара иаԥсам аусқәа хыбгалеит мамзаргьы мап ҳәа <…> Ацәыӡ дуқәа ыҟоуп. Аконтржәылара иалагазар ирыцәҭахахьеит 71 нызқьҩык аибашьцәа", — иҳәеит атәыла ахада.
Путин иара убасгьы иазгәеиҭеит украинатәи ар ишырцәыӡыз 543 танк, 18 000 кәылӡмашьына. Ахада дрылацәажәеит афымцамчцәаҳәақәа рҟны атерактқәа рымҩаԥгара зыгәҭакыз украинатәи адиверсантцәа. Урҭ рыхәҭак ҭархоуп, рыхәҭак аанкылоуп.
"Аҿахәҿыхрақәа ирҿуп. Ирҳәоит ҳатомтә фымцастанциақәа руак ааха арҭараны ишыҟаз, аенергетикатә шьақәгыла аусура ԥкхарц азы афымцацәаҳәақәа рыԥжәара шыргәиҭаз. Ари аҩыза аусқәа уаанӡагьы рҽазыршәахьан", - ҳәа иҳәеит иара.
Адиверсантцәа англыз инструкторцәа иазыҟарҵон ҳәа иажәа иациҵеит Путин.
VIII Мрагыларатәи аекономикатә форум мҩаԥысуеит цәыббра 10-13, 2023 шықәсазы Владивосток ақалақь Мрагыларахаратәи афедералтә университет акампус аҵакыраҿы. Афорум иалахәуп быжьнызқьҩык рҟынӡа, иара убасгьы 68 тәылеи аҵакырақәеи рҟынтәи.
АИХқәа рхаҭарнакцәа. Афорум аусутә программа иалархәуп Азиа-Аокеанҭынч арегион атәылақәа, АСЕАН атәылақәа, аҿиарамҩа иану Алада-Мрагыларатәи Азиа атәылақәа, имҩаԥыргоит абизнес диалогқәа.