Урыстәыла

Бриансктәи аобласт аҿы украинатәи адиверсантцәа ргәыԥ ҭархоуп

© Sputnik / Дмитрий МакеевБойцы спецназа ФСБ.
Бойцы спецназа ФСБ. - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.08.2023
Анапаҵаҩра
Украина арратә операциа ҷыда иалагеижьҭеи аҳәаа иаԥну араионқәа рҵакырахь анеира рҽазыршәоит атерактқәа рымҩаԥгара зыгәҭаку адиверсантцәа.
АҞӘА, нанҳәа 31 – Sputnik. Бриансктәи аобласт Навельсктәи араион аҿы украинатәи адиверсантцәа ргәыԥ ҭархоуп ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ апресс-маҵзура.
"Урыстәыла АШәМ, Росгвардиа, Урыстәыла АҩАР нанҳәа 30 рзы иаԥдырҟәҟәааит украинатәи адиверсиа-террористтә гәыԥ имҩаԥнагараны иҟаз атерактқәа. Агәыԥ еиҿкаан Украина ашәарҭадаратә маҵзура, Аԥшыхәра аусбарҭа хада, Атәылахьчара аминистрра иатәу Аоперациа ҷыдақәа рмаҵзура рхаҭарнакцәа рыла", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Адиверсантцәа ирхықәкын арратәи аенергетикатәи инфраструктура аобиектқәа рҟны атерактқәа рымҩаԥгара. Дара еиқәыршәан америкатәи автоматқәа, артҟәацгатә шьақәгылақәа, агранатақәа, апатронақәа, уахынлатәи арбагақәа рыла.
Дара аҿагылара ҟарҵеит. Ҩыџьа ҭархоуп, хәҩык аанкылоуп. Урҭ рҟынтәи хҩык хәуп. Ашьаус ахацыркра азҵаара рыӡбоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0