Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Краснодар атәылаҿацә аҟны инхоз ауаҩы украинатәи архәҭақәа далалар игәҭакын ҳәа даанкылан

© Sputnik / ЦОС ФСБ РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФСБ предотвратила диверсию на объекте энергосистемы Крыма
ФСБ предотвратила диверсию на объекте энергосистемы Крыма - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.09.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 5 – Sputnik. УАМ иаларгалаз, зыԥсадгьыл ԥсахны Украинаҟа ацара зыгәҭакыз Краснодар атәылаҿацә аҟны инхоз ауаҩы даанкылан, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура.
Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа украинатәи архәҭақәа ралалара зыгәҭакыз, зыԥсадгьыл зыԥсахыз Краснодартәи атәылаҿацә инхоз ауаҩы дааныркылеит",- азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Иазгәаҭоуп, урыстәылауаҩ ихала Украинатәи ашәарҭадаратә маҵзуреи иареи аимадара рыбжьеиҵеит. Ари аус адыԥхьалаҩ "Урыстәыла Арбџьармчқәа ирҿагыланы еибашьуаз ахатәгәаԥхацәа" азыҟаиҵон.
Ажәабжьқәа зегьы
0