АҞӘА, цәыббра 13 - Sputnik. Аҟәатәи аӡбарҭа аӡбамҭа административтә усқәеи административтә зинеилагарақәеи рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа еиҭакрада иннажьит.
Аӡбамҭа №126 (12.11.2009ш.) инақәыршәаны амшын аԥшаҳәаҿы акапиталтә ргыларақәа рымҩаԥгаразы азин аннакылон Аплан хада шьақәдырӷәӷәаанӡа.
Ахашшааратә шшыбӷьыц неишьҭит Аҟәатәи ақалақьтә еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа.
"Аӡбарҭа ақалақь ахадара иадгылеит, иаднакылаз аӡбамҭагьы сгәаанагарала ақалақь аҭоурых-культуратә ҭынха аиқәырхара аԥхасҭа анаҭоит" ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит азиндырыҩ Саид Гезердаа, ақалақьтә еизара аганахь ала дықәгыло.
Гезердаа иҳәеит аӡбарҭа ақалақьтә еизара агәаанагара ишадгылаз, ақалақь ахадара ахымҩаԥгашьагьы ҵаҵӷәы шамам. Ахашшааратә ҳәаақәҵара иреиҳау аинстанциақәа рҿы иазашшраны ишыҟоу.
2023 шықәса рашәара 30 рзы Аҟәатәи аӡбарҭа акапиталтә ргыларазы 2009 шықәса абҵара 12 рзтәи Ақалақьтә еизара аӡбамҭақәа №126, №127 (аҳҭнықалақь аҭоурыхтә ҭыԥаҿ акапиталтә ргылара азин ҟазымҵо; идыргыло ахыбрақәагьы 16 метра еиҳамзароуп ҳәа ишьақәзырӷәӷәо) аус руам ҳәа шьақәнаргылеит. Аӡбамҭа амшынбаӷәаза инаркны Ацҳа ҟаԥшь аҟынӡа; амшын инаркны Имам Шамиль, Лакоба рымҩақәа рҟынӡа, Аҭынчра апроспект аҟынӡа аргыларақәа ааннакылон.
Аӡбамҭа №127 инақәыршәаны иарбоу аҵакырақәа рҿы 16 метра аиҳа иҳараку ахыбрақәа рыргылара ԥнакуан.
"Ақалақьргыларатә" еимакы аганқәа ракәны иқәгылеит Аҟәа ақалақь ахадареи Аҟәа ақалақьтә еизареи. Мзызны иҟалеит аихагыларацәа змоу ахыбра Коӷониа имҩаҿы аргылара. Ақалақьуаа ргәаанагарала ари ақалақь аҭоурых хаҿра еицазкуа хыброуп, аргыларагьы 2009 шықәсазы ирыдыркылаз аӡбамҭа иаҿагылоит.