https://sputnik-abkhazia.info/20230630/aati-abara-akapitalt-rgylarazy-aalat-eizara-abama-aus-auam-a-ishanargyleit-1046648384.html
Аҟәатәи аӡбарҭа акапиталтә ргыларазы Ақалақьтә еизара аӡбамҭа аус ауам ҳәа шьақәнаргылеит
Аҟәатәи аӡбарҭа акапиталтә ргыларазы Ақалақьтә еизара аӡбамҭа аус ауам ҳәа шьақәнаргылеит
Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи аӡбарҭа аӡбамҭа административтә усқәеи административтә зинеилагарақәеи рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиаҿы ҩеижәамш рыҩнуҵҟа иахашшаар ҟалоит. 30.06.2023, Sputnik Аҧсны
2023-06-30T13:57+0300
2023-06-30T13:57+0300
2023-06-30T14:05+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
ахҭысқәа
ауаажәларра
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/05/16/1032471237_2:0:2598:1460_1920x0_80_0_0_aae48e02a5e1359ed802dc64b82f41a5.jpg
АҞӘА, рашәара 30 - Sputnik. Аҟәатәи аӡбарҭа акапиталтә ргыларазы 2009 шықәса абҵара 12 азтәи Ақалақьтә еизара аӡбамҭақәа №126, №127 аус руам ҳәа шьақәнаргылеит. Абри атәы аанацҳауеит аӡбарҭа апресс-маҵзура. Аӡбамҭа №127 инақәыршәаны иарбоу аҵакырақәа рҿы 16 метра аиҳа иҳараку ахыбрақәа рыргылара ԥнакуан. Аҳҭнықалақь аҿы ахыбра ҳаракқәа рыргылара атема актуалхеит жәабранмзазы, активистцәа Коӷониа имҩаҿы зыргылара иаҿу ахыбрақәа зегьы ирылыҳәҳәо иахьыҟалаз алацәажәара ианалага. Дара ргәаанагарала ари амшынԥшаҳәа аҭоурыхтә хәҭа ауникалтә ҟазшьа ԥхасҭанатәуеит. Асоциалтә ҳақәа рҟны икьыԥхьын Аҟәатәи ақалақьтә еизара 2009 шықәса абҵара 12 азы ирыдыркылаз аӡбамҭа, уи инақәыршәаны ақалақь аплан хада шьақәнарӷәӷәаанӡа, ақалақь ахадара амшынԥшаҳәа ахьынӡанаӡааӡо 16 метра еиҳау ахыбрақәа рыргыларазы азин рыҭара аанкылан.Ақалақь ахадара Ақалақьтә еизара аӡбамҭа иашам ҳәа ишьаны аӡбарҭахь иашшит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/05/16/1032471237_326:0:2273:1460_1920x0_80_0_0_eb34b15b05318d63ef3d0f6be7bd7086.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, ахҭысқәа, ауаажәларра
аԥсны, ажәабжьқәа, ахҭысқәа, ауаажәларра
Аҟәатәи аӡбарҭа акапиталтә ргыларазы Ақалақьтә еизара аӡбамҭа аус ауам ҳәа шьақәнаргылеит
13:57 30.06.2023 (ирҿыцуп: 14:05 30.06.2023) Аҟәатәи аӡбарҭа аӡбамҭа административтә усқәеи административтә зинеилагарақәеи рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиаҿы ҩеижәамш рыҩнуҵҟа иахашшаар ҟалоит.
АҞӘА, рашәара 30 - Sputnik. Аҟәатәи аӡбарҭа акапиталтә ргыларазы 2009 шықәса абҵара 12 азтәи Ақалақьтә еизара аӡбамҭақәа №126, №127 аус руам ҳәа шьақәнаргылеит. Абри атәы
аанацҳауеит аӡбарҭа апресс-маҵзура.
Аӡбамҭа №126 инақәыршәаны амшынԥшаҳәаҿы акапиталтә ргыларақәа рымҩаԥгаразы азин аннакылон -амшынбаӷәаза инаркны Ацҳа ҟаԥшь аҟынӡа; амшын инаркны Имам Шамиль, Лакоба рымҩақәа рҟынӡа, Аҭынчра апроспект аҟынӡа.
Аӡбамҭа №127 инақәыршәаны иарбоу аҵакырақәа рҿы 16 метра аиҳа иҳараку ахыбрақәа рыргылара ԥнакуан.
Аҳҭнықалақь аҿы ахыбра ҳаракқәа рыргылара атема актуалхеит жәабранмзазы, активистцәа Коӷониа имҩаҿы зыргылара иаҿу ахыбрақәа зегьы ирылыҳәҳәо иахьыҟалаз алацәажәара ианалага. Дара ргәаанагарала ари амшынԥшаҳәа аҭоурыхтә хәҭа ауникалтә ҟазшьа ԥхасҭанатәуеит.
Асоциалтә ҳақәа рҟны икьыԥхьын Аҟәатәи ақалақьтә еизара 2009 шықәса абҵара 12 азы ирыдыркылаз аӡбамҭа, уи инақәыршәаны ақалақь аплан хада шьақәнарӷәӷәаанӡа, ақалақь ахадара амшынԥшаҳәа ахьынӡанаӡааӡо 16 метра еиҳау ахыбрақәа рыргыларазы азин рыҭара аанкылан.
Ақалақь ахадара Ақалақьтә еизара аӡбамҭа иашам ҳәа ишьаны аӡбарҭахь иашшит.