АҞӘА, цәыббра 18 - Sputnik. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира 30-шықәса ахыҵра инамаданы ацәыргақәҵа "Ахақәиҭра" аатит Гагратәи акультура ахан аҟны ашәахьа, цәыббра 18 рзы.
Акультура ахан адиректор Дмитри Ԥиԥиа иажәақәа рыла, ацәыргақәҵахь инагоуп 50 усумҭа.
"Ацәыргақәҵа темак иадҳамҳәаларц ҳаӡбеит, асахьаҭыхыҩцәа рҭахрала еиқәҳаршәеит. Аиҳарак аусумҭақәа аимпрессионизми абстракционизми рыстильқәа ирыҵаркуеит. Ацәыргақәҵа иалахәуп жәаҩык рҟынӡа асахьаҭыхыҩцәа", - ҳәа иҳәеит иара.
Ԥиԥиа иажәақәа рыла ацәыргақәҵа аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш ақалақь асасцәагьы аднаԥхьалеит.
"Гагра ауааԥсыра, асоциалтә ҳақәа рҿы ҳдаҟьа иаҵаҩу шамахамзар ҳуснагӡатәқәа зегьы ирылахәуп. Акультуратә уснагӡатәқәа ринтерес змоу рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иацлоит. Иахьа ирацәаҩын атуристцәагьы. Урҭ ара афиша анырба инеирц рҭаххеит. Уи адагьы амузыка ҩныҩуан азал. Апианиноарҳәаҩы дыхәмаруан. Аригьы ауаа аднаԥхьалеит", - ҳәа иҳәеит Ԥиԥиа.
Ацәыргақәҵа "Ахақәиҭра" аҭаара алшоит, Гагра ахы ианақәиҭтәыз амш – жьҭаара 6 рҟынӡа.