https://sputnik-abkhazia.info/20230918/gagra-iaatit-asakhaa-rtsyrgaa-akhaira--1048053015.html
Гагра иаатит асахьақәа рцәыргақәҵа "Ахақәиҭра"
Гагра иаатит асахьақәа рцәыргақәҵа "Ахақәиҭра"
Sputnik Аҧсны
Гагра Акультура ахан аҟны асахьаркыратә цәыргақәҵа "Ахақәиҭра" аартызаауеит жьҭаара 6 рҟынӡа. 18.09.2023, Sputnik Аҧсны
2023-09-18T19:00+0300
2023-09-18T19:00+0300
2023-09-18T19:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
акультура
гагра араион
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/12/1048046883_0:370:960:910_1920x0_80_0_0_d651e717ca3d20fc9b795675375b11f2.jpg
АҞӘА, цәыббра 18 - Sputnik. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира 30-шықәса ахыҵра инамаданы ацәыргақәҵа "Ахақәиҭра" аатит Гагратәи акультура ахан аҟны ашәахьа, цәыббра 18 рзы.Акультура ахан адиректор Дмитри Ԥиԥиа иажәақәа рыла, ацәыргақәҵахь инагоуп 50 усумҭа. Ԥиԥиа иажәақәа рыла ацәыргақәҵа аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш ақалақь асасцәагьы аднаԥхьалеит. "Гагра ауааԥсыра, асоциалтә ҳақәа рҿы ҳдаҟьа иаҵаҩу шамахамзар ҳуснагӡатәқәа зегьы ирылахәуп. Акультуратә уснагӡатәқәа ринтерес змоу рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иацлоит. Иахьа ирацәаҩын атуристцәагьы. Урҭ ара афиша анырба инеирц рҭаххеит. Уи адагьы амузыка ҩныҩуан азал. Апианиноарҳәаҩы дыхәмаруан. Аригьы ауаа аднаԥхьалеит", - ҳәа иҳәеит Ԥиԥиа. Ацәыргақәҵа "Ахақәиҭра" аҭаара алшоит, Гагра ахы ианақәиҭтәыз амш – жьҭаара 6 рҟынӡа.
гагра араион
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/12/1048046883_0:280:960:1000_1920x0_80_0_0_cbafb728ae337372a219970730f9da14.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура, гагра араион
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура, гагра араион
Гагра иаатит асахьақәа рцәыргақәҵа "Ахақәиҭра"
Гагра Акультура ахан аҟны асахьаркыратә цәыргақәҵа "Ахақәиҭра" аартызаауеит жьҭаара 6 рҟынӡа.
АҞӘА, цәыббра 18 - Sputnik. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира 30-шықәса ахыҵра инамаданы ацәыргақәҵа "Ахақәиҭра" аатит Гагратәи акультура ахан аҟны ашәахьа, цәыббра 18 рзы.
Акультура ахан адиректор Дмитри Ԥиԥиа иажәақәа рыла, ацәыргақәҵахь инагоуп 50 усумҭа.
"Ацәыргақәҵа темак иадҳамҳәаларц ҳаӡбеит, асахьаҭыхыҩцәа рҭахрала еиқәҳаршәеит. Аиҳарак аусумҭақәа аимпрессионизми абстракционизми рыстильқәа ирыҵаркуеит. Ацәыргақәҵа иалахәуп жәаҩык рҟынӡа асахьаҭыхыҩцәа", - ҳәа иҳәеит иара.
Ԥиԥиа иажәақәа рыла ацәыргақәҵа аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш ақалақь асасцәагьы аднаԥхьалеит.
"Гагра ауааԥсыра, асоциалтә ҳақәа рҿы ҳдаҟьа иаҵаҩу шамахамзар ҳуснагӡатәқәа зегьы ирылахәуп. Акультуратә уснагӡатәқәа ринтерес змоу рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иацлоит. Иахьа ирацәаҩын атуристцәагьы. Урҭ ара афиша анырба инеирц рҭаххеит. Уи адагьы амузыка ҩныҩуан азал. Апианиноарҳәаҩы дыхәмаруан. Аригьы ауаа аднаԥхьалеит", - ҳәа иҳәеит Ԥиԥиа.
Ацәыргақәҵа "Ахақәиҭра" аҭаара алшоит, Гагра ахы ианақәиҭтәыз амш – жьҭаара 6 рҟынӡа.