АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik. 2022 шықәса ԥхынҷкәынымзазы Аԥсны иҟоу аурыс уаԥшь, акультуреи аспорти рыцхрааразы Агәыҳалалратә фонд "ЮнОлимп" адгыларала Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа амедицинатә маҭәахә ҿыцқәа рыла аиқәыршәаразы Агәабзиарахьчара аминистрра аԥаратә цхыраара азынанашьҭит, абри атәы иҳәеит ауаԥшь ахантәаҩы Роман Риазанцев ахәшәтәырҭа аҳақьым хада и.н. Инесса Камлиаԥҳа лԥылараан.
9,5 миллион мааҭ рыхә амаҭәахә ҿыцқәа ахәшәтәырҭа абаланс аҿы иарбоуп.
Камлиаԥҳа илҳәеит уажәшьҭа еиҳа имариахоит ахәыҷқәа амедицинатә цхыраара ианаамҭо рыҭара.
Амедусҳәарҭа иаҭоуп еиҭаҵуа арентген-аппарат, афымцагидравлиатә операциатә стол, адезинфекциа ҟазҵо арепроцессор, адерматом, авидеогастроскопқәа ҩба, авидеобронхоскоп, ендоскоптә авидеопроцессор, амедицинатә кәырҷыжь, амедицинатә монитор, афымцатә аквадистиллиатор, адиагностикатә отоскоп.