Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Камлиаԥҳа еиҭалҳәеит ахәшәтәырҭа иаҭаз амаҭәар ҿыц лшарас ирнаҭо атәы

Камлиаԥҳа еиҭалҳәеит, ахәышәтәырҭа иаҭаз амаруга ҿыц ирнаҭоу алшара атәы
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Инесса Камлиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, ироуз амаҭәар ҿыц иахьынӡацхыраагӡахо атәы, уи аус адызуло аспециалтсцәа ыҟоума, насгьы акадрқәа разымхара азҵаара атәы.
Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа адиагностикатә маҭәарла еиқәнаршәеит Агәабзеирахьчара аминистрра.
Ахәыҷтәы хәшәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Инесса Камлиаԥҳа лажәақәа рыла, иаагоу амаҭәарқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп атравматолаг иус зырманшәало.
"Ахәыҷқәа ироуа абҩаԥҵәарақәа реиҿартәара еиҳа иманшәалахеит. Уаанӡа уи аҩыза амаҭәар ҳамаӡамызт. Аҳақьым Ареспубликатә хәшәтәырҭаҟны дцаны иҟаиҵон", - ҳәа лҳәеит Камлиаԥҳа.
Аҳақьым иара убасгьы дазааҭгылеит, Агәабзеирахьчара аминистрра абзоурала урыстәылантәи аспециалистцәа дареи русеицура атәы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0