АҞӘА, цәыббра 26 – Sputnik. Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, ЕАЕС атәылақәа рахь абылтәы нарышьҭлоит аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа рҳәаа иҭагӡаны ҳәа азгәаҭоуп азинтә актқәа рофициалтә саит аҿы.
Адокумент аԥсахрақәа аланагалоит ақәҵара: "Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтә аамҭала абензини адизельтә былтәи атәыла ралгара азинҟамҵаразы" (21.09.2023ш.).
Иара иазханаҵоит апунктеиҵа "Аамҭалатәи аԥкра иаҵанкуам Урыстәылатәи Афедерациаҟынтә Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи рахь инарго атауарқәа" амчра ацәыӡит ҳәа. Иара убасгьы иалкаауп апункт ЕАЕС атәылақәа рахь абылтәы анашьҭра иазку.
Урыстәылеи Аԥсни, Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара иҟоуп абылтәы аиуразы аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа. Адокументқәа инарықәыршәаны 2023 шықәсазы Аԥсныҟа иааргараны иазгәаҭоуп 59 000 тонна абензин, адизелтә былтәы – 20 000 тонна.
Аахыҵ Уаԥстәылаҟа 2019 шықәсазтәи аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра инақәыршәаны есышықәса баџьда абензин – 16 000 тонна, адизельтә былтәы – 19 000 тонна нарышьҭуеит. Урыстәылеи ЕАЕС атәылақәеи рыбжьарагьы аус руеит аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа.
Аилахәыра "АЗИД" аҿы ирҳәеит уажәазы иарбанзаалак уадаҩрак шыҟам.
"Уаанӡатәи аилаӡарақәа инарықәыршәаны абылтәы аагара мҩаԥысуеит, аԥкрақәа рзы аинформациа ҳамам", - ҳәаа аҳәоит адырраҭара.
Уаанӡа аҩнуҵҟатә џьармыкьа аҭышәныртәалараз Урыстәыла Аиҳабыра абензини адизельтә былтәи рекспорт азы аамҭалатәи аԥкрақәа аланагалеит цәыббра 21 рзы. Аенергетиказ аминистрра иазгәанаҭеит, ари ашьаҿа абылтәы џьармыкьа ханарҭәаар шалшо, уи аан ахархәаҩцәа рзы ахәқәа лыҟәыр ҟалоит ҳәа.