Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәылантәи абензини адизельтә былтәи рекспорт аанкылахоит Аԥсынгьы

© Sputnik / Мария ДевахинаБензовоз на заправочной станции "Газпромнефть" в Москве.
Бензовоз на заправочной станции Газпромнефть в Москве. - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2023
Анапаҵаҩра
Аҩнуҵҟатә џьармыкьа аҭышәныртәалараз Урыстәыла Аиҳабыра абензини адизельтә былтәи рекспорт азы аамҭалатәи аԥкрақәа аланагалеит цәыббра 21 рзы.
АҞӘА, цәыббра 25 - Sputnik. Урыстәыла Аиҳабыра еиҭарҿыцит абензини адизельтә былтәи рекспорт аамҭала иахьаанкылахо атәылақәа рсиа. Уажәазы уахь иаҵанакуеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи.
Абри азы адокумент кьыԥхьуп азинтә актқәа рофициалтә саит аҿы.
Адокумент аԥсахрақәа аланагалоит ақәҵара: "Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтә аамҭала абензини адизельтә былтәи атәыла ралгара азинҟамҵаразы" (21.09.2023ш.)
Иара иазханаҵоит апунктеиҵа "Аамҭалатәи аԥкра иаҵанкуам Урыстәылатәи Афедерациаҟынтә Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи рахь инарго атауарқәа" амчра ацәыӡит ҳәа.
Уажәшьҭарнахыс аԥкра ҿыцқәа ирыҵанакуеит анефҭаалыҵқәа – "аҵәахҟазшьа змоу", иара убасгьы Урыстәыла аекономикатә зона ҷыдаҿы аусура аиқәыршәаразы иалырго.
Аҩнуҵҟатә џьармыкьа аҭышәныртәалараз Урыстәыла Аиҳабыра абензини адизельтә былтәи рекспорт азы аамҭалатәи аԥкрақәа аланагалеит цәыббра 21 рзы. Аенергетиказ аминистрра иазгәанаҭеит, ари ашьаҿа абылтәы џьармыкьа ханарҭәаар шалшо, уи аан ахархәаҩцәа рзы ахәқәа лыҟәыр ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0