Аԥсны

Марттәи ажәылараан иҭахаз рбаҟа дыргылеит Гәымсҭатәи амассив аҟны

Хәажәкыра 15-16, 1993 шықәсазы Аԥсны арбџьармчқәа Гәымсҭатәи ахырхарҭаҟны Аҟәа ахақәиҭтәразы мҽхакыҭбаалатәи ажәылара иалагеит. Усҟан иҭахеит 222-ҩы, хабарда ибжьаӡит 23-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik. Марттәи ажәылараан иҭахаз рбаҟа аартра мҩаԥысит Гәымсҭатәи амассив аҟны.
Абаҟа аргылара раԥшьгамҭоуп ара инхо ауааԥсыра. Урҭ адгылара рырҭеит атәыла ахадеи ақалақь ахадареи.
Аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, Аҟәа ахада Беслан Ешба, амассив ауааԥсыра.
Араион ҿыц Аҩнусбарҭа аиҳабы, марттәи ажәылара алахәыла, агәыԥ "Ветерок" аибашьҩы Едуард Ҳашба абаҟа аартра иалахәыз зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Иара иҳәеит ишыҟоу афотосахьа – абри аҭыԥ иацәыхарамкәа ажәылараан иҭахаз адгьыл иахьықәжьу, ақырҭцәа урҭ ирхагыланы иҭырхыз.
"Ҳгәы ҳамырҟьар рҭахын. Ирҭахын ҳаилалар, аха ирзалмыршеит. Иахьа ҳара шьала икәабоу, зых иақәиҭу ҳадгьыл ҳақәгылоуп. Абри абаҟа зус алоу зегьы аус ду ҟашәҵеит иҭахази урҭ рҭаацәарақәеи рзы", - ҳәа иҳәеит иара.
Хәажәкыра 15-16, 1993 шықәсазы Аԥсны арбџьармчқәа Гәымсҭатәи ахырхарҭаҟны Аҟәа ахақәиҭтәразы мҽхакыҭбаалатәи ажәылара иалагеит. Уаҟа иҭахеит 222-ҩы, хабарда ибжьаӡит 23-ҩык.
Аԥсны
Ешыра иаадыртит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа