Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ешыра иаадыртит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа

© Sputnik / Марианна Кубрава Открытие памятника в Нижней Эшере войнам погибшим ОВНА
Открытие памятника в Нижней Эшере войнам погибшим ОВНА - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Ешыраа рҵеицәа 45-ҩык рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит.
АҞӘА, цәыббра 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз рыхьӡала абаҟа аартын Аҟәа араион Ешыра ақыҭа ашәахьа, цәыббра 25 рзы.
Ари аусмҩаԥгатә далахәын Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа.
Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа еизаз рҿаԥхьа дықәгыло ҭабуп ҳәа реиҳәеит абаҟа аргыларазы ацхыраара ҟазҵаз зегьы.
"Аиааира ҳзаазгаз афырхацәа хашҭра рықәымзааит, урҭ зааӡаз ранацәа шәҿаԥхьа ҳхырхәоит", - иҳәеит иара.
Ԥшьҩык зыхшара аибашьраҿ иҭахаз, Ешыра ақыҭа ахада Ҭамара Аҩӡба-Езыгәбаиа Аԥсны иқәынхо ажәлар иааигәахо Аиааира 30 шықәса ахыҵра рыдылныҳәалеит.
"Ҳара адунеи зегьы идҳарбеит, ҳара ҳиааира ус ишымармам, Ԥсадгьылк шакәу иҳамоу уигьы анцәа ишҳаиҭаз. Сара агәра ганы сыҟоуп изызҳауа ҳхәыҷқәа, ҳмаҭацәа урҭ ирхылҵуа еснагь иҭахаз аибашьцәа рыхьӡ шырхьчо, урҭ ранацәа, аибашьра аинвалидцәа адгылара шрырҭо", - ҳәа азгәалҭеит лара.
Аԥсны ахьыԥшымра аагоуп афырхацәа рыбзоурала, дара рхы ахҭынҵаны ҳаԥсадгьыл ахақәиҭра азааргеит. Урҭ рыхьӡқәа Аԥсны атоурых иазынхоит, ҳажәлар ргәаҵаҿ иҟазаауеит лҳәеит Ҭамара Аҩӡба-Езыгәбаиа.
Ажәабжьқәа зегьы
0