АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Аҟәа ахақәиҭтәра амшныҳәа аҳаҭыраз агәырӷьаратә концерт мҩаԥысит аҳәынҭфилармониаҿы, цәыббра 27 рзы.
Аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра амш рыдиныҳәалеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа. Ҳтәыла аҭоурых аҿы цәыббра 27 1993 шықәса аҵак ду змоу мшуп ҳәа азгәеиҭеит ахада.
Аслан Бжьаниа иҳәеит цәыббрамзатәи ажәылара ақәҿиара шьаҭас ишамаз ианвартәии марттәии ажәыларақәа.
Праздничный концерт ко Дню освобождения Сухума
© Sputnik / Томас Тхайцук
"Урҭ ажәыларақәа роуп иалзыршаз аибашьратә ԥышәа аиура, аӷа иҭҵааразы алшара ҟалеит, аԥсҭбарақәа рацәаны ишрыцазгьы, ишлыҵшәадазгьы урҭ ажәыларақәа ыҟамызҭгьы Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара анагӡара уадаҩхон", - иҳәеит ахада.
Шәҩыла ҳаибашьцәа рыԥсҭазаарақәа ақәҵаны, маҿа-маҿа ҳадгьыл аӷа импыҵкәкәааны, аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра алыршан иҳәеит Бжьаниа.
Праздничный концерт ко Дню освобождения Сухума
© Sputnik / Томас Тхайцук
"Амчқәа зегь еидкыланы, аӡәк иеиԥш игылаз ҳажәлар аӷа ииааира рылшеит, аԥынгылақәа зегьы ирхысит", - азгәеиҭеит ахада.
Агәырӷьаратә уснагаӡатә аҟны аибашьраан иаԥҵаз ашәақәа нарыгӡеит, ажәеинраалақәа ирыԥхьеит, Аԥсни Аҟәеи рҭоурых еиҭарҳәеит.
Праздничный концерт ко Дню освобождения Сухума
© Sputnik / Томас Тхайцук