https://sputnik-abkhazia.info/20230927/aa-akhaitra-amshnya-aayraz---agyrarat-kontsert-maysit-1048281923.html
Аҟәа ахақәиҭтәра амшныҳәа аҳаҭыраз агәырӷьаратә концерт мҩаԥысит
Аҟәа ахақәиҭтәра амшныҳәа аҳаҭыраз агәырӷьаратә концерт мҩаԥысит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Аҟәа ахақәиҭтәра амшныҳәа аҳаҭыраз агәырӷьаратә концерт мҩаԥысит аҳәынҭфилармониаҿы, цәыббра 27 рзы. 27.09.2023, Sputnik Аҧсны
2023-09-27T20:02+0300
2023-09-27T20:02+0300
2023-09-27T20:02+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/1b/1048279691_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_5610452ca363b89bf3bba590c40f81bb.jpg
АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Аҟәа ахақәиҭтәра амшныҳәа аҳаҭыраз агәырӷьаратә концерт мҩаԥысит аҳәынҭфилармониаҿы, цәыббра 27 рзы.Аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра амш рыдиныҳәалеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа. Ҳтәыла аҭоурых аҿы цәыббра 27 1993 шықәса аҵак ду змоу мшуп ҳәа азгәеиҭеит ахада.Аслан Бжьаниа иҳәеит цәыббрамзатәи ажәылара ақәҿиара шьаҭас ишамаз ианвартәии марттәии ажәыларақәа."Урҭ ажәыларақәа роуп иалзыршаз аибашьратә ԥышәа аиура, аӷа иҭҵааразы алшара ҟалеит, аԥсҭбарақәа рацәаны ишрыцазгьы, ишлыҵшәадазгьы урҭ ажәыларақәа ыҟамызҭгьы Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара анагӡара уадаҩхон", - иҳәеит ахада.Шәҩыла ҳаибашьцәа рыԥсҭазаарақәа ақәҵаны, маҿа-маҿа ҳадгьыл аӷа импыҵкәкәааны, аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра алыршан иҳәеит Бжьаниа. "Амчқәа зегь еидкыланы, аӡәк иеиԥш игылаз ҳажәлар аӷа ииааира рылшеит, аԥынгылақәа зегьы ирхысит", - азгәеиҭеит ахада.Агәырӷьаратә уснагаӡатә аҟны аибашьраан иаԥҵаз ашәақәа нарыгӡеит, ажәеинраалақәа ирыԥхьеит, Аԥсни Аҟәеи рҭоурых еиҭарҳәеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/1b/1048279691_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_be9ed522b55ca4c585e43891a64aaa7d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Аҟәа ахақәиҭтәра амшныҳәа аҳаҭыраз агәырӷьаратә концерт мҩаԥысит аҳәынҭфилармониаҿы, цәыббра 27 рзы.
Аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра амш рыдиныҳәалеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа. Ҳтәыла аҭоурых аҿы цәыббра 27 1993 шықәса аҵак ду змоу мшуп ҳәа азгәеиҭеит ахада.
Аслан Бжьаниа иҳәеит цәыббрамзатәи ажәылара ақәҿиара шьаҭас ишамаз ианвартәии марттәии ажәыларақәа.
"Урҭ ажәыларақәа роуп иалзыршаз аибашьратә ԥышәа аиура, аӷа иҭҵааразы алшара ҟалеит, аԥсҭбарақәа рацәаны ишрыцазгьы, ишлыҵшәадазгьы урҭ ажәыларақәа ыҟамызҭгьы Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара анагӡара уадаҩхон", - иҳәеит ахада.
Шәҩыла ҳаибашьцәа рыԥсҭазаарақәа ақәҵаны, маҿа-маҿа ҳадгьыл аӷа импыҵкәкәааны, аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра алыршан иҳәеит Бжьаниа.
"Амчқәа зегь еидкыланы, аӡәк иеиԥш игылаз ҳажәлар аӷа ииааира рылшеит, аԥынгылақәа зегьы ирхысит", - азгәеиҭеит ахада.
Агәырӷьаратә уснагаӡатә аҟны аибашьраан иаԥҵаз ашәақәа нарыгӡеит, ажәеинраалақәа ирыԥхьеит, Аԥсни Аҟәеи рҭоурых еиҭарҳәеит.