Аԥсны

"Агәалашәара аԥсы ҭоуп": аибашьра иазку ацәыргақәҵа аартуп АЗХ аҿы

Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа "Агәалашәара аԥсы ҭоуп" азкуп Аиааиреи Ахьыԥшымреи 30 шықәса рхыҵра.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 27– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа "Агәалашәара аԥсы ҭоуп" аадыртит цәыббра 27 азы Аԥсны АЗХ аҟны.

Аибашьра иазку асахьаҭыхыҩцәеи аскульпторцәеи русумҭақәа цәыргақәҵан.

Асахьаҭыхыҩ Нугзар Логәуа иазгәеиҭеит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реилазаара аибашьра аан ишырцәыӡыз 18-ҩык аҟазауаа, иазгәеиҭеит аҟазара знапы алакыз аинформациатә фронт аҿы рлагала шдууз.
"Аԥсны ҭахыркааит. Абри аамҭазы ажурналистцәа, ашәҟәыҩҩцәа, апублицистцәа, асахьаҭыхыҩцәа, амузыкантцәа, атеатр аусзуҩцәа афронт аҿы аиԥш атыл аҿгьы иахәҭаз аҭыԥқәа ныркылеит. Ҳакзаара иалнаршеит аинформациатә блокада аимырҟьара", - иҳәеит иара.
Аибашьра аамҭазы иаԥҵан асахьаҭыхыҩцәа ргәыԥ "Ажәеиԥшьаа". Иара алахәылацәа аидеологиатә пропаганда аус адырулон. Логәуа иажәақәа рыла, раԥхьатәи Аԥсны ахада Владислав Арӡынба хаҭала аредакциа азиуан алахәылацәа русумҭақәа, аибашьраҿы иҟарҵаз рлагалагьы ахә ҳаракны ишьон.
Аԥсны
Екатерина Бебиаԥҳа лфотоцәыргақәҵа "Аибашьра ашықәсҩыра" аатит Аҟәа
"Аҩнуҵҟатәи аӷацәагьы ҳарҿагылан. Ауаа агәра дыргатәын аиааира шхымԥадаз. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа абри аус аҿгьы рҭыԥ убарҭан", - иҳәеит иара.
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба иҳәеит ацәыргақәҵа ишаанарԥшуа ажәлар знысыз амҩа уадаҩ.
"Аибашьра ианалага ажәлар гылеит. Акультура аусзуҩцәагьы нарылаҵаны. Иуадаҩыз аамҭақәа рзы аҳәаанырцә имҩаԥысуан аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵақәа. Дара ажәлар зҭагылаз инарҵауланы иаадырԥшуан", - иҳәеит иара.
Ацәыргақәҵа аартуп цәыббра 27 инаркны жьҭаара 15 рҟынӡа. Ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны идырбахоит асахьаҭыхыҩцәа ргәалашәарақәа ртәы зҳәо авидеонҵамҭақәа.