Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Екатерина Бебиаԥҳа лфотоцәыргақәҵа "Аибашьра ашықәсҩыра" аатит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка фотографий Екатерины Бебия в АГУ
Выставка фотографий Екатерины Бебия в АГУ - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2023
Анапаҵаҩра
Екатерина Бебиаԥҳа аибашьраантәи лыхроникаҟынтә афотоцәыргақәҵа мҩаԥган аҭелтә оператор "А-мобайл" адгыларала.
АҞӘА, цәыббра 27 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ажурналист, арратә корреспондент Екатерина Бебиаԥҳа лфотоцәыргақәҵа "Аибашьра ашықәсҩыра" аатит Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет аҿы.
Ацәыргақәҵаҿы иӡыргоуп Екатерина Бебиаԥҳа аибашьраан иҟалҵаз акадрқәа – 1600 рҟынӡа. Урҭ рҟны иаарԥшуп Мраҭашәаратәии Мрагыларатәии афронтқәа рҟынтәи аибашьцәа, аибашьра ахҭысқәа.
Цәыббра 27 рзы ацәыргақәҵа аартуп ауниверситет ахыбраҿы, цәыббра 28 рзы ииагахоит Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа театр аҿаԥхьаҟа, цәыббра 29 азы – Очамчыра ақалақь ахь.
"Ацәыргақәҵа ақәыргыларазы раионк алысхырц азин сыман. Сара иалысхит Очамчыра. Аибашьраан сара ҩынтә роуп иансылшаз Мрагыларатәи афронт ахь анеира, аха исылсыршеит усҟан иҟасҵаз аҟынтәи акадрқәа реидкылара. Сара насыԥ сыманы схы збоит ҳҭоурых аарԥшра ахьсылшо, сархив ахәарҭара ахьамоу", - лҳәеит Бебиаԥҳа.
Бебиаԥҳа еиҭалҳәеит Аиааира 30 шықәса ахыҵразы иаԥҵоу апроектқәа ртәы - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2023
Аԥсны
Бебиаԥҳа еиҭалҳәеит Аиааира 30 шықәса ахыҵразы иаԥҵоу апроектқәа ртәы
Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәразы аоперациа хацыркын 1993 шықәса цәыббра 16 рзы. Цәыббра 27 рзы Аҟәа ахақәиҭтәра амш аҽны еиуеиԥшым аныҳәатә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0