АҞӘА, цәыббра 28 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Апарламент актәи аԥхьарала "2023 шықәсазтәи Аԥсны Атәанчахәытә фонд абиуџьет азы" азакәан аԥсахрақәа аланагалеит
Афонд алагалақәа рзеиԥш хышәаҵышәа – 1,48 миллиард, аныхрақәа – 1,53 миллиард. Адефицит – 48 миллион мааҭ. 48 миллион иҟоу адифицит аԥаразоужьра мҩаԥгахоит 2023 шықәса ажьырныҳәа 1 азы иаанханы иҟаз аԥарақәа рыла.
Аҟәша "Егьырҭ азеиԥшҳәынҭқарратә зҵаарақәа" иазоужьхоит 25 миллион (зыуацәа атәанчаҩцәа рыԥсҭазаара ишалҵыз амырбакәа игоу атәанчахәқәа рырхынҳәразы).
Аҟәша "Атәанчахәытә еиқәыршәара" иазоужьхоит 23 миллион. Аԥарақәа нашьҭхоит изныктәиу ашәарақәа рахь (Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 30 шықәса ахыҵра ахьӡала 1150-ҩык, акатегориа ҷыдақәа ирыҵаркуа атәанчаҩцәа, ирызшәоу).