Аҟәа ахақәиҭтәреи Аџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира амши Аԥсны ишазгәарҭаз, арратә парад шымҩаԥысыз, иарбан культуратә хҭысқәоу еиҿкааз, 30 шықәса рышьҭахь зыԥсыбаҩқәа ԥшааны анышә иарҭаз, "Азаҭ" азы азакәан аиҭакрақәа иалагалоу, Басла аӡиас ацҳа ахҵара, абарҭқәа ртәы Sputnik аматериал аҟны.
Аҟәа ахақәиҭтәра амш
Есышықәса цәыббра 27 рзы ареспубликаҿы иазгәарҭоит аҵак ду змоу арыцхә – аҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәра амш.
Аԥшьаша ашьыжь Аҟәа Ахьӡ-аԥша апарк аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, адепутатцәа, аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, аибашьра аветеранцәа, аҳҭнықалақь ауааԥсыра.
Анаҩс, Аслан Бжьаниа Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазкны Тҟәарчал имҩаԥысуаз аусмҩаԥгатә иҽалаирхәит. Иара убас ақалақь-фырхаҵа иаланхо 16-ҩык иранеишьеит аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа "Ахьӡ-Аԥша" аорден II, III аҩаӡарақәа. Аҳамҭақәа занашьоу занашьоу рыбжьара иҟоуп аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи аусзуҩцәа, аибашьра аветеранцәа, арҵаҩцәа.
Ари амш аҽны еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа рацәаны имҩаԥган. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа аибашьраантәи лвидеоҭыхымҭақәа рҟынтәи афотоцәыргақәҵа, иӡырган аибашьра аамҭазы мрагыларантәи Аԥсуа радио ахь иаарышьҭуаз асалам шәҟәқәа реизга згәылалаз лышәҟәы "Шьала иҩуа ашәҟәқәа".
Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаатит ацәыргақәҵа "Агәалашәара наӡаӡоуп", Афонҿыцтәи аҳаԥы аҟны - "Аиааира ахаҿсахьақәа". Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы аҭааҩцәа алшара рыман аибашьра аамҭазтәи афотосахьақәа рцәыргақәҵа абара. Ахақәиҭра ашҭаҿ имҩаԥысит аҳҭнықалақь ашколхәыҷқәа рыбжьара ацәаҳәақәгылатә ашәақәа реицлабра. Аҳәынҭқарратә адрамтә театр аҿаԥхьа аспортсменцәа қәыԥшцәа рҟазара аадырԥшит. Аҟәатәи амшын баӷәазаҟны аԥрақәа ццакырала реицлабра мҩаԥысит, иара убас ашашка, ашахмат, ахыцла ахысра уҳәа реиндаҭларақәа.
Аҟәа ахақәиҭтәра 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз имҩаԥган амузыкатә фильм "Ҳара ҳаруаа реиҳабы" ахԥатәи ахәҭа. Амш хыркәшан аныҳәатә концерти асалиути рыла.
Асасцәа рԥылара
Аџьынџьтәылатә еибашьра аҟны игаз Аиааира амшныҳәа аламҭалазы, аныҳәатә усмҩаԥгатәқәы рхы рыладырхәырц Аԥсныҟа иааз Адыгеиеи Ҟабарда-Балкариеи рхадацәа Мураҭ Кумпилови Казбек Кокови идикылеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа.
"Агәахәара ду сызцәырнагоит раԥхьаӡа акәны абасеиԥш аныҳәатә ҭагылазаашьа аан шәахьсыдскыло. Бзиала шәаабеит. Иҭабуп ҳәа сҳәоит шәара шәеиԥш аишьцәа ахьҳавагылоу. Ҳара уи гәадураны иҳаԥхьаӡоит. Ас сара сымацара сакәӡам ихәыцуа, ас ихәыцуеит Аԥсны атәылауаа зегьы", - иҳәеит Бжьаниа.
Адыгеиа ахада Мураҭ Кумпилов иҳәеит 30 шықәса раԥхьа Аԥсны ажәлар рзы ишыҟалаз аҵак ду змоу ахҭыс.
Ҟабарда-Балкариа ахада Казбек Коков иазгәеиҭеит ареспубликақәа ҭоурыхлагьы, шьалагьы акзаара шрымоу.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоеви реиԥылара мҩаԥысит цәыббра 29 рзы. Дара алацәажәеит Кавказ ашәарҭадара, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рцашьеи ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәеи.
Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент аекономикеи, анаплакра маҷи, ақыҭанхамҩеи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Арсен Квезерови Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Роберт Остаеви идикылеит Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба ахәаша, цәыббра 29 рзы.
Арсен Квезеров даԥхьеит Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент аиҳабы иҟаиҵаз адныҳәалара. Ашәҟәаҿы иануп Аиааира Амш - аԥсуа жәлар жәытәнатә аахыс ирымаз ргәаҳәара ишасимволу, аҭоурыхтә иашара ишаныҳәоу, шьала икәабаны, аџьабаа дуӡӡа адбаланы ишаагоу.
Аиааира аиубилеи
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны аӷа дԥыхха дықәҵаны Аиааира аагоуижьҭеи 30 шықәса ҵит. Атәыла ахада ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәқәа аарышьҭит. Цәыббра 29 рзы Урыстәыла ахада Владимир Путин Аслан Бжьаниа Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш идиныҳәалеит.
Иара убас, адныҳәаларақәа ҟарҵеит Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев.
Асабша, цәыббра 30 рзы атәыла зегьы гәырӷьон. Аԥсны араионқәа зегь рыҟны имҩаԥысит аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа, аха аныҳәа хада ахьымҩаԥгаз ҳаҳҭнықалақь Аҟәа акәын.
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Ахьӡ-аԥша апарк аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Иара убас уаҟа иаадыртит аинрал Владимир Аршбеи Аԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиеи рбаҟақәа.
Асааҭ 11:00 рзы иалагеит арратә парад. Уи иалахәын 1500-ҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа, амчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, иара убас жәабала ихьанҭоу атехникеи авиациеи.
Зегь раԥхьа Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟқәа рыманы Ахақәиҭра ашҭа иқәсит Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи аныҳәатә усмҩаԥгатә рхы аладырхәырц ҳреспублика иаҭааз ахатәгәаԥхаҩцәеи.
Аҭоурыхтә иашара Аԥсны ауп изтәу, уи ихьыԥшым ҳәынҭқаррак аҳасабала аҿиарамҩаҿы иаԥырхагоу, ҳаззымиааиуа ҳәа акгьы ыҟаӡам ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа адныҳәалартә ажәахә ала дықәгыло. Иҭабуп ҳәа реиҳәеит иҭахаз ранацәеи ахатәгәаԥхаҩцәеи. Иазгәеиҭеит ишхадароу Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа аҿиара, иҳәеит агәра шиго Аԥсны аԥхьаҟатәи аԥеиԥш бзиа шаиуо.
Атәыла ахада иажәахә ашьҭахь Ахақәиҭра ашҭа иқәсит аррамаҵзурауаа. Раԥхьаӡа акәны сынтәа Аиааира апарад иалахәын Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу ҩ-гәыԥк, урҭ ирылахәын иҷыдоу аҟәша аибашьцәеи амилициа ашкол акурсантцәеи.
Шьаҿеиқәшәала инеиуаз раԥхьатәи ацәаҳәа ааныркылеит урыстәылатәи арра- мшынтә флот иатәу аракетатә ӷба "Циклон" аилазаара. Ишьақәгылаз атрадициа инақәыршәаны есышықәса еиԥш, сынтәагьы апарад иалахәын 7-тәи аурыс арратә базеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ иатәу Аҳәаахьчаратә маҵзуреи, иара убас ареспубликаҿы инхо аказакцәеи.
Ахақәиҭра ашҭа иқәсит Аԥсны атәылахьчара иатәу арратә техника, аршьаҟа реибашьыгатә машьынақәа, атанкқәа, артиллериа, арадиолокациатә шьақәгылақәа, "Град". Раԥхьаӡа акәны Атәылахьчара аминистрра ицәырнагеит, атәыла ахада идҵала иаԥҵоу аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа равиациатә ескадрилиа.
Аԥсны абираҟ рыманы Ахақәиҭра ашҭа иахыԥрааит авертолиотқәа, урҭ инарышьҭархх Аԥсны абираҟ аԥшшәқәа аҳауаҿ иаанзыжьыз аҳаирпланшәарыцақәа Л-39. АН-2 аҟынтәи Урыстәыла арбџьармчқәа еизгоу аррамаҵзурауаа ргәыԥ апарашиутистцәа 1500 метра ажәҩан аҟынтәи иԥеит Аԥсни Урыстәылеи рбираҟқәа рыманы.
Апарад хдыркәшеит акциа "Ԥсра зқәым архәҭеи" Аԥсны аҽтәы спорт Афедерациа аҽыбӷаҟазацәеи.
Апарад ашьҭахь Аслан Бжьаниа дырԥылеит Аахыҵи Алада Уаԥстәылеи, Башкортосҭан, Лененградтәи аобласт, Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы-Черкесск, Адыгеиа, Приднестровие аделегациақәа рхаҭарнакцәа. Атәыла ахада ҭабуп ҳәа реиҳәеит аныҳәатә усмҩаԥгатәқәы рхы ахьрыладырхәыз.
Ахәылбаҽха Аслан Бжьаниа даҭааит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылтә еибашьраан игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аламҭалаз Аҟәаҟа иааз Амшынеиқәатәи афлот иатәу аракетақәа зықәгылоу аӷба "Циклон".
Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы иаатит "Аԥсуа иашҭа", уаҟа ҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи алшара рыман аԥсуа чыс агьама абара, Аиааиразы аныҳәаҿа цәыцак аҩы цқьеи мамзаргьы ажьаӷь уатка цаҳә-цаҳә ашьҭыхра. Аиааира Амш иазкыз аусмҩаԥгатәқәа хыркәшан астадион "Динамо" аҿы атеатртә анимациатә қәгылара ала.
Басла аӡиас ацҳа хырҵеит
Аҳҭнықалақь азын ихҭысхеит Басла аӡиас ацҳа ахҵара. Ауснагӡатә иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Аиааира амшныҳәа алахәхаразы иааз асасцәа.
Аҟәа ахада Беслан Ешба апроект анагӡаразы иҟаиҵаз ацхырааразы аинвестор Михаил Сыҷынаа иҭабуп ҳәа иеиҳәеит.
Азаҭ азы азакәан
Жәлар реизара адепутатцәа Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи 30 шықәса ахыҵра ахьӡала иазгәаҭоу азаҭ азы ақәҵара ариашара алагаланы ирыдыркылеит аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала.
Ариашарақәа инарықәыршәаны рықәҵа аҿҳәара иахьмырԥшыкәа рхы иақәиҭыртәуеит аибашьра аветеранцәа (ауаҩшьра, ауаҩымҵарсра, асексуалтә ҟазшьа змоу ацәгьоурақәа, аԥсадгьыл аԥсахра, аҳәаанырцәтәи аԥшыхәырҭақәа рмаҵзура ирылахәу ахаҿқәа аалхны).
Аԥсыбаҩқәа реиҭагара
Аҩаша, цәыббра 26 рзы Аҟәа, Ахьӡ-аԥша апарк аҿы анышә иамардеит Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз Ҟабарда-Балкариантәи хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз Арсен Ефендиеви аԥырҩы Леонид Ԥкьыни.
Арҭ ашықәсқәа зегьы дара хабарда ибжьаӡыз ирхыԥхьаӡалан. Аԥсыбаҩқәа зтәыз шьақәыргылан Жәларбжьаратәи Аџьар ҟаԥшь аилак аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны.
"Ҳаԥсадгьыл ахақәиҭра зхы ақәызҵаз ранацәа, рабацәа, ирызгәакьоу, иарбан жәларзаалак, тәылазаалак ахақәиҭреи ахьыԥшымреи марианы ирмоуцт. Иахьа, ажәашықәсақәа рышьҭахь, иаҳгәалаҳаршәоит Аиааира ахәшьара, ҳажәлар ирхыргаз. Еиҳа иуадаҩыз аамҭақәа раангьы аӡәы игәы еиҭамԥеит. Егьа аамҭа царгьы Аԥсны аԥацәеи хатәгәаԥхарала иҳавагылази рыхьӡқәа аҭоурых иазаанхоит", - ҳәа иҳәеит Атәылахьчара аимнистр ихаҭыԥуаҩ Давид Бжьаниа.
Ҟабарда-Балкариантәи хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз Арсен Ефендиев иԥа иаб иԥсыбаҩ ахаҭара ашьақәыргылара иалахәыз зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
"Иахьазы зхабар ҳзымдыруа зегьы рыԥшаауа иҟалааит. Иахьа, алахьеиқәҵара мацара иамшӡам, агәыӷрагьы иамшуп. Ҳагәқәагьы ҭынчхеит. Иҟаз аԥсҭбарақәа зегьы башамхааит, илашааит Аԥсны" - иҳәеит иара.