Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы "Шьала иҩу асаламшәҟәқәа" аӡыргара мҩаԥысит

© Sputnik / Томас ТхайцукПрезентация новой книги Екатерины Бебиа "Письма, написанные кровью" прошла в АГУ
Презентация новой книги Екатерины Бебиа Письма, написанные кровью прошла в АГУ - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.09.2023
Анапаҵаҩра
Екатерина Бебиаԥҳа – еицырдыруа аԥсуа журналист, апублицист, Ҟәбантәи аҳәынҭуниверситет апрофессор, Аԥсны ажурналистцәа реидгыла аԥхьахә "1992-1993шш. рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьраан агәымшәареи азанааҭдырреи" занашьо.
АҞӘА, цәыббра 28 – Sputnik. Ажурналист, арратә корреспондент Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы "Шьала иҩу асаламшәҟәқәа" аӡыргара мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны.

Ашәҟәы азкуп 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аибашьраан ашәҟәы автор Аԥсуа радио аҿы аус луан. Усҟантәи аамҭазы арадио ахь инеиуан хыԥхьаӡара рацәала асаламшәҟәқәа. Урҭ Екатерина Бебиаԥҳа лархив аҿы ишьҭан. Аибашьра ашьҭахь арҭ ашәҟәқәа шьаҭас измаз адокументалтә фильмқәа рцикл аԥылҵеит.

Автор ишылҳәо ала Аԥсуа радио аибашьраан ароль дуӡӡа нанагӡон, идеологиатә хархәаган ареспублика ауааԥсыра аинформациа рыҭаразы. Аефир ахь инеиуаз ажәацыԥхьаӡа Аԥсны ажәлар рзы имчҭаҵаган.
"Авидеохроника, аудиоҭаҩымҭақәа, афотосахьақәа, асаламшәҟәқәа – хәызмаӡам документалтә шаҳаҭроуп ажәлар рҭоурых азы. Аибашьратә ҭынхақәа раларҵәара иҭахаз ргәалашәара арнаӡаӡатәуеит, аҿар апатриотизмра рыланааӡоит, аполитикатәи, аҳәынҭқарратәи, ауаажәларратәи усзуҩцәа иргәаланаршәоит ихадароу адунеи аҿы аҭынчра аиқәырхара шакәу",- лҳәоит Бебиаԥҳа.
Автор иазгәалҭеит асаламшәҟәқәа рнапылаҩыратә вариант аиқәырхаразы асканер ишахыжьыз, аханатә ишыҟаз аиԥш ишааныжьу.
Выставка фотографий Екатерины Бебия в АГУ - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2023
Аԥсны
Екатерина Бебиаԥҳа лфотоцәыргақәҵа "Аибашьра ашықәсҩыра" аатит Аҟәа
Ажәабжьқәа зегьы
0