АҞӘА, жьҭаара 4 – Sputnik. Аҟәеи Гәдоуҭеи рвокзалқәа рҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшоуп, абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит "Аԥсныеихамҩа" аҿы.
Иазгәаҭоуп, аангыларҭа "Аҟәа" аҟны 900 метра ԥшьыркца ахаҳәҟьаԥс шышьҭаҵоу, ахыбра акәша-мыкәшеи аҩнуҵҟеи шрыцқьоу, авокзал адҩылара рҿыцуп.
Уи адагьы авокзал аҟны абыркьылҭаԥса ықәдыргылеит, ахаҳәҟьаԥс шьҭарҵеит, аидарақәа рышьҭаҵарҭа дәаҿы ахыб рыԥсахит, авокзал аҵакыра дрыцқьеит.
Ахыб шьаҭанкыла аԥсахреи аԥенџьырқәа рықәыргылареи азгәаҭоуп.
Гәдоуҭатәи авокзал аҟны ахыб ҿыц ықәырҵеит, адԥшылара дырҽеираны иҟоуп. Авокзал аҩнуҵҟа арҽеиратә усурақәа ирылагараны иҟоуп, афымцацәаҳәақәа ԥсахәуп. Авокзал аҟны аԥенџьырқәа зегьы ԥсаххоит.
"Аԥсныеихамҩа" аҿы ишырҳәаз ала, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Имемориалтә комплекс азааигәара иху аихатә цҳаҟны алашарбагақәа ықәыргылоуп, ишәуп.
Аҟәа аестакадақәа зегьы рыцқьаны ишәуп. Гагра, аплатформа "Абаҭаа" аҟны ахаҳәҟьаԥс ықәырҵеит, афымцацәаҳәақәа ԥсахәуп.