Аԥсны

Аԥсны асезонтә еимҳәаҟынтә алаҵаҟаҵара иалагоит иааиуа амчыбжь инаркны

Аԥсны асезонтә еимҳәаҟынтә алаҵаҟаҵара ҟалоит ареспублика аполиклиникақәа зегьы рыҟны.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны асезонтә еимҳәаҟынтә алаҵаҟаҵара иалагоит иааиуа амчыбжь инаркны, абри атәы лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз ареспублика асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева.

"Сынтәа алаҵаҟаҵара мҩаԥгахоит алаҵа ҩ-хкык рыла: х-штаммк рыла еилоу "Гриппол плюс", ԥшь-штаммк злоу "Гриппол квадривалент". Ҩ-хкык аагоуп, избанзар фышықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәеи, 60 шықәса ирҭысхьоу ауааи х-штаммк змоу алаҵоуп ирзыҟарҵо, егьырҭ ауааԥсыра ԥшь-штаммк злоу алаҵа рзыҟаҵара ҟалоит", - лҳәеит Белиаева.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра х-нызқь лаҵа амоуп, аполиклиникақәа рахь еихшоуп. Иааиуа амчыбжь ашьҭахь алаҵаҟаҵара иалагоит.
"Алаҵа ззыҟарҵо ауаҩы игәы бзиазароуп, аинфекциа, ашоура, аимҳәа уҳәа рҟазшьақәа идумбалозароуп. Алаҵа рзыҟарҵаӡом акәты ахыӡ, ахәшәқәа, афатәхкқәа рахь аллергиа змоу", - лҳәеит Белиаева.
Чымазарак ашьҭахь зиммунитет каҳаз ауаа алаҵа рзыҟаҵатәу ма ирзыҟаҵатәыму аҳақьымцәа рхала ишьақәдыргылоит лҳәеит асанитартә ҳақьым хада.