https://sputnik-abkhazia.info/20231004/asny-asezont-eimaynt-alaaaara-ialagoit-iaaiua-amchybzh-inarkny-1048452037.html
Аԥсны асезонтә еимҳәаҟынтә алаҵаҟаҵара иалагоит иааиуа амчыбжь инаркны
Аԥсны асезонтә еимҳәаҟынтә алаҵаҟаҵара иалагоит иааиуа амчыбжь инаркны
Sputnik Аҧсны
Аԥсны асезонтә еимҳәаҟынтә алаҵаҟаҵара ҟалоит ареспублика аполиклиникақәа зегьы рыҟны. 04.10.2023, Sputnik Аҧсны
2023-10-04T18:54+0300
2023-10-04T18:54+0300
2023-10-04T18:54+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
агәабзиара
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/1c/1036102115_0:161:3071:1888_1920x0_80_0_0_8b70ba66073d0b077ebe586ce239da55.jpg
АҞӘА, жьҭаара 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны асезонтә еимҳәаҟынтә алаҵаҟаҵара иалагоит иааиуа амчыбжь инаркны, абри атәы лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз ареспублика асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра х-нызқь лаҵа амоуп, аполиклиникақәа рахь еихшоуп. Иааиуа амчыбжь ашьҭахь алаҵаҟаҵара иалагоит."Алаҵа ззыҟарҵо ауаҩы игәы бзиазароуп, аинфекциа, ашоура, аимҳәа уҳәа рҟазшьақәа идумбалозароуп. Алаҵа рзыҟарҵаӡом акәты ахыӡ, ахәшәқәа, афатәхкқәа рахь аллергиа змоу", - лҳәеит Белиаева. Чымазарак ашьҭахь зиммунитет каҳаз ауаа алаҵа рзыҟаҵатәу ма ирзыҟаҵатәыму аҳақьымцәа рхала ишьақәдыргылоит лҳәеит асанитартә ҳақьым хада.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/1c/1036102115_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_f2e9f7954d2cf9c5673c1016da9631d3.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, агәабзиара
аԥсны, ажәабжьқәа, агәабзиара
Аԥсны асезонтә еимҳәаҟынтә алаҵаҟаҵара иалагоит иааиуа амчыбжь инаркны
Аԥсны асезонтә еимҳәаҟынтә алаҵаҟаҵара ҟалоит ареспублика аполиклиникақәа зегьы рыҟны.
АҞӘА, жьҭаара 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны асезонтә еимҳәаҟынтә алаҵаҟаҵара иалагоит иааиуа амчыбжь инаркны, абри атәы лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз ареспублика асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева.
"Сынтәа алаҵаҟаҵара мҩаԥгахоит алаҵа ҩ-хкык рыла: х-штаммк рыла еилоу "Гриппол плюс", ԥшь-штаммк злоу "Гриппол квадривалент". Ҩ-хкык аагоуп, избанзар фышықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәеи, 60 шықәса ирҭысхьоу ауааи х-штаммк змоу алаҵоуп ирзыҟарҵо, егьырҭ ауааԥсыра ԥшь-штаммк злоу алаҵа рзыҟаҵара ҟалоит", - лҳәеит Белиаева.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра х-нызқь лаҵа амоуп, аполиклиникақәа рахь еихшоуп. Иааиуа амчыбжь ашьҭахь алаҵаҟаҵара иалагоит.
"Алаҵа ззыҟарҵо ауаҩы игәы бзиазароуп, аинфекциа, ашоура, аимҳәа уҳәа рҟазшьақәа идумбалозароуп. Алаҵа рзыҟарҵаӡом акәты ахыӡ, ахәшәқәа, афатәхкқәа рахь аллергиа змоу", - лҳәеит Белиаева.
Чымазарак ашьҭахь зиммунитет каҳаз ауаа алаҵа рзыҟаҵатәу ма ирзыҟаҵатәыму аҳақьымцәа рхала ишьақәдыргылоит лҳәеит асанитартә ҳақьым хада.