АҞӘА, жьҭаара 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны акоронавирустә чымазара ахы шьҭнахуа иалагеит, абри атәы лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз ареспублика асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева.
"Акоронавирус џьаргьы иҳалҵны имцаӡеит. Ачымазцәа еснагь иҟан, аха рхыԥхьаӡара маҷын. Аԥхын аультрафиолет ҳаракуп, ауаа аҳауаҿы ирхыргоит раамҭа, аҿкыра аимадарагьы лаҟәхеит. Уажәы ахәыҷқәа ашколқәа рахь ихынҳәит, ҭагалани аӡынреи ачымазарақәа ираамҭоуп, акоронавирусгьы налаҵаны", - лҳәеит лара.
Цәыббрамзазы 152 коронавирустә хҭыс азгәаҭан. Ибыргыз чмазаҩык иԥсҭазаара далҵит. Макьанагьы COVID-19 аҽацәыхьчара актуалра аҵоуп егьырҭ ареспиратортә чмазарақәа рзы аиԥш ҳәа лҳәеит асанепидмаҵзура аиҳабы.
Алла Белиаева иазгәалҭеит акоронавирус аиҳарак иԥсыҽны ишухуго. Аԥснытәи амедусзуҩцәа лабораториатә ҟазшьала авирус аштамм шырзышьақәмыргылогьы, ачымазара амҩаԥысшьала уи омикрон шакәу убарҭоуп лҳәеит аҳақьым.
"Егьырҭ ахәшәтәырҭақәа ирҭашәо ачымазцәагьы аекспресс-тестқәа рзыҟарҵоит. Акоронавирустә инфекциа здырбало Гәдоуҭаҟа, аковидтә ҟәшахьы инаргоит, уа ковид аиԥш ахәшәтәырҭахь изыдҵаалаз ачымазарақәагьы рхәышәтәуеит", - лҳәеит Белиаева.
Уажәазы акоронавирус хьанҭаны изныруа ауаа маҷуп ҳәа азгәалҭоит лара.