Абри анҵамҭа аҩра саналагоз, исҭахын еилыскаарц Аԥснытәи ашколқәа рҿы ахацәа арҵаҩцәа рхыԥхьаӡара шаҟаҩ ыҟоу, избанзар темас ишьҭысхыз ахацәа ашкол аҿы рыҟамазаара ауп.
Аԥсны аҵара аминистрра апресс-маҵзураҿы исырҭаз аҭак ала, ҳашколқәа рҿы ахацәа-арҵаҩцәа шаҟаҩ ыҟоу ҳәа иԥхьаӡаны иҟам. Аслан Қәҭелиа исзааишьҭыз астатистика абас иҟоуп – зынӡа Аԥсны иҟоуп 153 школ, урҭ рҿы 3800-ҩык рҵаҩцәас аус руеит, 60—ҩык ахацәа директорцәоуп.
Аҟәатәи арион ҿырԥштәыс иааҳгозар, ахацәа арҵаҩцәа зынӡагьы иҟам, амала 4-ҩык адиректорцәа хацәоуп. Очамчыра араион аҿы 7-ҩык адиректорцәа хацәоуп, Тҟәарчал араион - 9-ҩык, Гагра араион 7-ҩык, Аҟәа – аӡәы, Гәдоуҭа - 9-ҩык уҳәа ҳашколқәа рҿы ахацәа директорцәас иахьыҟоу ыҟоуп. Ус акәзарагьы, амаҭәар ахәыҷқәа идзырҵо ахацәа рхыԥхьаӡара иагьышьақәыргылам, иагьырацәам, анаҩс ари анҵамҭа ишаанарԥшуа ала.
Ҳгәылара Урыстәыла акәзар, иҟоуп арбагақәа, уаҟа ашколқәа рҿы аус зуа аҳәса 85% ишынаӡо азы. Ажәакала, асовет аамҭазы ахацәа ашкол аҿы рхыԥхьаӡара маҷмызт, аха иахьа ахаҵа-арҵаҩы уарла-шәалра иуԥыло аӡә иоуп. Асовет аамҭазы сара ашкол санҭазтәи сырҵаҩцәа рсиа сыхшыҩ аҿы ианеилсыршәшәа, исыхәшьадит урҭ рхыԥхьаӡараҿы аиҳабыратәи аклассқәа рҿы аԥыжәара шыргоз – ашкол адиректор инаиркны, афизика, аматематика, аҭоурых, аурыс, аԥсуа бызшәақәа, абаҩырҵәыра, аџьаус, амашьынарныҟәцара уҳәа рмаҭәарқәа рырҵараҿы ахацәа ракәын иҟаз, аҳәса уԥылозаргьы. Аиҵбыратәи аклассқәа рырҵаҩцәа зегь ҳәсақәан.
Усҟантәи аамҭазы арҵаҩра аҳаҭыр аман, ашкол аҿы аусурҭа аԥшаарагьы мариамызт. Избан аҽзаԥсахзеи ахацәа-арҵаҩцәа рхыԥхьаӡара амаҷра аганахь аибашьра ашьҭахьтәи ҳаԥсҭазаараҿы? Иҟаҵатәузеи аҭагылазаашьа аиӷьтәразы? Насгьы, ашкол иаҭахума ахацәа арҵаҩцәа? Абарҭ иреиуаз азҵаатәқәа рысҭеит ашкол аҿы аԥышәа змоуи, ҿыц арҵаҩра иалагази, ашкол аушьҭымҭеи.
Жьҭаара 5 арҵаҩы имш ҳәа иазгәарҭоит акыр атәылақәа рҿы, иара убас ҳа ҳҿгьы. Аҳәара уадаҩуп уи амш лымкаала изалху, иара убас, арҵаҩы изанааҭ иахыҵуагьы хықәкыла ишьақәыргылам, избанзар ауаҩы аԥсҭазаара ашьаҭа аникуаз инаркны еиҳа здыруаз иеиҵаз имеидон иԥышәа. Уи ажәытәӡатәи аамҭақәа рзы. Уажәы арҵаҩы анаҳҳәо, иаразнак ҳхаҿы иааиуа апарта иахатәоу аҵаҩцәеи, урҭ амаҭәар рыдызгало арҵаҩи роуп. Иаҳҳәап, Урыстәыла ашколқәа рҿы аус зуа ахацәа 15% ыҟазар, ҳара ҳҿы еиҳагьы еиҵоуп ҳәа ҳҳәар ауеит, санҵамҭа афырхацәа исырҭаз астатистика излаҳнарбо ала.
Ахацәа рхыԥхьаӡара еиҳазар аума ҳашколқәа рҿы, мамзаргьы ари идискриминациатәу зҵаароу ҳәа иқәсыргылаз азҵааразы исоуз аҭакқәа еиԥшуп аҳәсеи ахацәеи ирхаҭарнаку арҵаҩцәа рҟынтәи. Хана Гәынԥҳа иахьа Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩс аус луеит, аха занааҭла дырҵаҩуп, 15 шықәса акласс дыҩналоит аҭоурых арҵаҩы лаҳасабала. Уи адагьы лара 8 шықәса Гагратәи 1-тәи абжьаратәи ашкол адиректорс дыҟан. Иахьа администрациаҿы аус шылуагьы, ашкол аҿы илымоуп асааҭқәа – арҵаҩра сара исзанааҭ хадоуп ҳәа исыԥхьаӡоит лҳәеит ҳанеицәажәоз. Хана Гәынԥҳа сызҵаара иаахҵәаны аҭак ҟалҵеит:
"Ашкол даара даҭахуп ахаҵа. Ахаҵа дызхагыламкәа иуааӡо ԥҳәысеибак илааӡаз диҩызоуп. Еиҳараҩык иҳәсақәоуп ҳа ҳҿгьы аус зуа. Ашкол дахагылазароуп ахаҵа, аҵара ҟәша напхгара алҭар ауеит аԥҳәыс, аха ахаҵа дандиректору, алеишәа еиҳа иҟало џьысшьоит. Арратә зыҟаҵара, абаҩрҵәыра, аинформатика, атехнологиа (аҳәса руси, ахацәа руси ҳәа ишоуп) рмаҭәарқәа ирыԥхьо ыҟоуп ҳашкол аҿы. Аха, ус акәзарагьы, ахәыҷқәа ахацәа рнапы рыгуп – аҩынгьы ирыгуп, ашкол аҿгьы".
Галтәи 2-тәи абжьаратә школ аҿы рҵаҩыс 22 шықәса, директорс 14 шықәса аус зухьоу Ахра Кәакәасқьыр афилолог изанааҭ аниоу нахыс дырҵаҩуп, ауаажәларратә усқәа инапы шрылакызгьы, Жәлар Реизара 5-тәи ааԥхьара адепутатсгьы дыҟан. Абар иара хҳәаас иаиҭо ицәыраҳго азҵаатәы:
"Ажәытәтәи аамҭақәа ртәы ҳҳәозар, ахацәа роуп рҵаҩцәас аусура иалагаз. Анаҩс, ари аус рхы адрыԥхьалеит аҳәсагьы. Ажәытә анысҳәо, аҵарауаа Сократраа рхаан егьи уҳәа ауп сызҿу. Хымԥада, алагарҭатә классқәа рҿы аԥҳәыс-арҵаҩы лроль ахә ашьара даара иуадаҩуп. Ашкол ахь ҿыц имҩахыҵуа ахәыҷқәа рзы уи анык дылҩызоуп. Ахәыҷқәа аныҩеидаслак, аиҳабыратәи аклассқәа рахь ианхалалакгьы, ахаҵа ироль хымԥадатәиуп ҳәа исыԥхьаӡоит, ҳәарада аҳәсагьы ыҟазароуп аха. Ахаҵа инапы аҭахуп еиҳаракгьы апатриотизм рылааӡараҿы, арратә усқәа дырҵараҿы, аџьаус, абаҩрҵәыра уҳәа реиԥш иҟоу амаҭәарқәа ахәыҷқәа рызнагарҿы. Аҷкәын ианизҳалакгьы аҩнаҭа дахамгылар ауам, ҵәымаӷк алаҵашьа идыруазароуп. Иахьатәи аамҭазы ишыжәдыруа еиԥш аҳәсеи ахацәеи рзинқәа еиԥшуп ҳәа ирҳәо садгылоуп, аха ахацәагьы аҭахуп ашкол".
Солидаҭ Цкәуа иакәзар, макьана дқәыԥшуп, шықәсык ауп иҵуа арҵаҩы иаҳасабла Аҟәатәи 5-тәи абжьаратә школ аҿы аҭоурых, ауаажәларрадырра арҵаҩыс дыҟоижьҭеи. Иаргьы иазгәеиҭоит дшадгылоу, хыхь згәаанагра аазырԥшыз аԥышәа змоу арҵаҩцәа ирҳәо:
"Ахацәа иҵегь ирацәаҩызар бзиан, избанзар ахацәа ахәыҷқәа даҽакала ирацәажәоит, ахацәа астресс ззырҳәо роуӡом, аҳәса реиԥш. Ахаҵа-арҵаҩы аҷкәын ииҭоит амаҭәар адырра адагьы хаҵаҵас ахымҩаԥгашьа, апатриотизми агәымшәареи илаиааӡоит. Аӡӷабцәагьы ахаҵа данырҵаҩу ибзианы ирыдыркылоит. Сгәаанагарала еиҳагьы аҵара иалагоит сара излазбо ала. Мотивациас ирымоу, иаҳҳәап, иқәыԥшу арҵаҩы данхаҵоу - ҩызаҵас дрыԥхьаӡоит аҷкәынцәагьы аӡӷабцәагьы. Уажәы ахәыҷы дыршәаны дузааӡом, ахәыҷкәа рҽырыԥсахит. Ҳарҭ арҵаҩцәагьы уи ҳахәаԥшыроуп. 8 класск сымоуп сара. Ари аиҩызара аметод хәарҭоуп. Аурок аҿы сара сырҵаҩуп, аха ҳандәылҵлакгьы сырҩызоуп".
Аихшьаала ҟаҳҵозар, аспикерцәа рыхҩыкгьы ахаҵа ашкол аҿы иҟазаара аҭахуп ҳәа иршьоит. Сара исыӡбеит, абри азҵаара исҭарц аибашьра ашьҭахь 2-тәи акласс ахь ииасыз, 5-тәи Аҟәатәи ашкол аушьҭымҭа, аҳәса рҵаҩцәас измаз аблогер Леуан Лагәлаа. Абар уи исиҭаз аҭак:
"Сара Аҟәа аҵара анысҵоз ахацәа арҵаҩцәа сымамызт аџьаус ҳзырҵоз ида. Егьырҭ зегь ҳәсақәан. Ахаҵа-арҵаҩы ашкол даҭахума ҳәа шәҵаауазар - даҭахуп ҳәа аҭак ҟасҵоит. Дзаҭахузеи? Усҟан исзеилкааӡомызт, уажәоуп ианеилыскаа. Ахаҵа иаҳҳәап, аҷкәын дшымҩақәиҵо аԥҳәыс илылшом".
Анаҩс, Леуан исеиҳәеит, маҷк даныҩеидас, 7-тәи акласс аҿы Гагратәи-алицеи-интернат, усҟан Башаран-коллеџь ҳәа изышьҭаз данаанахәа аҭагылазаашьа аҽшаԥсахыз.
"Сара исықәҿиеит, избанзар Башаран-коллеџь сҭан. Уа арҵаҩцәа ахацәа ыҟан, ашкол иҭазгьы ҷкәынацәан. Сара сгәанала, иаҳҳәап ахаҵа-арҵаҩы, аԥҳәыс ишуаналыжьуа иуанаижьӡом. Алеишәа еиҳа иҟоуп арҵаҩы данхаҵоу, уи ааӡаратә процесс данахагыло. Аԥҳәыс есымша илырҟәандоит, илыртатоит. Англиа аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи рышколқәа ҳәа еихшоуп. Аҷкәынцәа рышкол аҿы арратә ус аԥыжәара арҭоит. Ахаҵа ашкол даҭахуп, уаҵәтәи аибашьҩы, аԥхьагыла диааӡарцаз. Аибашьра ашьҭахь забацәа ҭахаз, аҩнгьы ашкол аҿгьы ахацәа рбаӡомызт. Убри зегьы анырра анаҭоит ауаҩы иԥсҭазаараҿы. Аҳәынҭқарра аргылара азыҳәан ахаҵа даҭахуп ашкол. Сара сусураҿы избеит – ахаҵа еиҳабыс дансымаз акырӡа ишсыхәаз", - ҳәа алкаа ҟаиҵоит Лагәлаа.
Абарҭқәа рыдагьы, хаҭала аҷкәынцәа рааӡараҿы ахаҵа ашкол аҿы илагала хәарҭоуп апсихологиатә аспект азгәаҭаны ҳәа агәаанагара имоуп Кәакәасқьыр:
"Избанзар, аӡӷабцәа рырҵаҩцәа-аҳәса рҿы инеины рыгәҭыхақәа шрарҳәо еиԥш, аҷқәынцәагьы ирымазароуп алшара ахаҵа-арҵаҩы ргәы иҭыхо иаҳәаразы. Аҷкәын 10 класск рахь инеиз, шьҭа хаҵаҵас иацәажәара аҭахуп. Ахаҵа иажәа, ихымҩаԥгашьа уҳәа ахәыҷы изҿиҵааша ауаҩы ашкол даҭахуп. Дырчачатны дзааӡо иакәымкәа, абас ахаҵа напы идкыланы еиуеиԥшым аметодикақәа ахархәара рыҭаны дзааӡо. Аҵыхәтәантәи аамҭазы иҟоуп аҷкәынцәа зхы ашкол иадзыԥхьало. Асоциалтә ҳақәа рҿы иаҳбоит ус иҟоу шцәырҵуа. Сгәанала, аԥсҭазаара ҭышәынтәало иалагар, абџьар ашьҭыхра мацара акәымкәа, еизҳауа абиԥара рааӡараҿгьы ахацәа рҽадрыԥхьалап ҳәа".
Кәакәасқьыр дызхагылоу ашкол аҿы 75-ҩык арҵаҩцәа аус ахьыруа 15-ҩык хацәоуп. Ишԥадиԥхьало ахацәа ашкол ҳәа саниазҵаа абас сеиҳәеит:
"Аҭоурых, аурыс бызшәа, афизика, аинформатика, аџьаус, ашахмат асра уҳәа дзырҵо ахацәа ыҟоуп сҿы. Сара ҵаҩцәас исымаз роуп еиҳараҩык, ирабжьызгон ашкол ахь иааирц, нас исзыӡырҩқәаз ыҟоуп. Аҵара ианалга аусура иааит, иаҳҳәап Артиом Каҷараа ҳәа Аԥсны Star иалаз, уи англыз бызшәа дирҵоит. Алик Шьониа Галтәи КВН акоманда алахәыла иакәзар – физика арҵаҩыс дыҟоуп. Бадри Поцхараиа ҳәа дыҟоуп, ААУ далганы 15 шықәса ҵуеит аус иуеижьҭеи".
Солидаҭ Цкәуа аус ахьиуа ашкол аҿы - аҭоурых, аҵәаӷәанҵа (черчение), арратә зыҟаҵара, абаҩрҵәыра уҳәа дзырҵо хәҩык раҟара ахацәа аус руеит. Аҳәса- арҵаҩцәа рхыԥхьаӡара 40–ҩык рҟынӡа ыҟоуп. Уажәшьҭа ҳазхәыцып иарбан мзызу иамоу ашкол ахацәа ахьагу- афинанстә, аџьабаа дум ап ацәкра, мамзаргьы апрестиж ҳәа изышьҭоу афакторқәа?
"Еицызар ҟалап зегьы – иаҳҳәап, ашкол аҿы аус зуа аҳәса уа ироуа ала рҭаацәа ныҟәыргаӡом, реиҳараҩык ахацәа рымоуп. Убри иахҟьозар ҟалап ахацәа ашкол ахь иахьымнеиуа. Ҳара иҳамоуп ашкол аҿы аусура зылшо, змаҭәар здыруа ахацәа, сара издырқәо ыҟоуп. Урҭ аекскурсиа амҩаԥгаҩцәас аус руеит. Убри аҟынтә - афинанстә конкуренциа мзызуп ҳәа иуԥхьаӡар ауеит", - лҳәоит Гәынԥҳа.
Кәакәасқьыр абри азҵаатәы азы ихәыцшьа абас иҟоуп:
"Аибашьра ашьҭахь ахацәа ашкол ахь агьежьра зцәыуадаҩхаз ҟалеит. Аекономикатә ҭагылазаашьа алшара рнаҭомызт. Улафахәыла аҭаацәа рныҟәгара уадаҩхеит. Уи ԥсабарала ахацәа ируалуп, ирҭакԥхықәроуп усгьы. Сара Баслахәтәи ашкол салгеит. Уа аус зуаз арҵаҩцәа-ахацәа, шамахамзар даҽа уск ахь ииасит аибашьра ашьҭахь. Ахәыҷааӡара, еизҳауа аҿар аҵара дырҵара уҳәа аҳәса рыжәҩахыр иқәлеит".
Аблогер Лагәлаа иакәзар, арҵаҩ бзиа ашкол ахь днеирц азын, имоу аҳаҭыр еиҳа ишьҭыхтәуп, насгьы, абри ахаҵареи аиндаҭлареи, арра ауси ирыдҳәало амаҭәарқәа рхыԥхьаӡара иацлар ахацәа аднаԥхьалоит ҳәа иԥхьаӡоит.
"Аматериалтә ган иаҵанакуа рацәоуп, аха сара абри астатус ишьҭнахуа еиҳау џьысшьоит. Аамҭа иаҳнарбоит арҵаҩы иҽиԥсахыр ауп. Арҵаҩы адырра мацара узҭо иакәӡам, арҵаҩы аҵара аҵашьа узырҵо иоуп. Уи ҳамԥсахыр ауӡом. Уажәтәи асистема шыҟоу - аҵарагьы днарҵом, аԥсҭазааргьы иазыҟанаҵом аҿар. Уажәы адунеиаҿтәи ахырхарҭақәа рыла аҵара ҩ- ганк рыла ицозароуп - ма иреиҳау аҵараиурҭа дазыҟанаҵозароуп, ма аԥсҭазаара. Иаҳҳәап –аменеџьмант идыруа, ихы иаирхәо, аԥхьагылара, ауаа рҿаԥхьа ақәгылара, ацәажәара дазыҟаҵаны. Ма рыҩбагьы еицымҩаԥгатәуп. Ҳа система актәигьы ҟанаҵом, аҩбатәигьы", - иҳәоит Лагәлаа ашкол асистема аиҭакрақәа аҭахны ишибо ҳардыруа.
Хана Гәынԥҳа ари аҭагылазаашьа шыриашатәу ҳәа дазхәыцуа илҳәоит :
"Ауалафахәы ашьҭыхра алыршахар – еиҳа еиӷьу аспеиалистцәа неиуеит, аҵарагьы аҩаӡара шьҭыҵуеит. Есышықәса иацлоит арҵаҩы иԥара, аха зегь акоуп аҭакԥхықәреи ироуеи еишьашәалам".
Ахра Кәакәасқьыргьы афинанстә, астатустә ганқәеи еидкыланы дрыхәаԥшуеит:
"Ашкол аҩнуҵҟала иахьыздыруа аҟынтә исҳәарц сылшоит, арҵаҩы иқәнаго ахаангьы имоуц ҳәа. Иҟоуп аҳәынҭқаррақәа арҵаҩы дчынуаҩны дахьыԥхьаӡо. Имаҵура апрестиж змоу занааҭуп, исоциалтә гарантиақәа роума, иулафахәы аума – аҳәынтқарра ахахьы иганы иазнеиуеит. Ҳара аибашьра иалҵыз аҳәынҭқарра макьана ҳшьапы ҳзықәымгылац. Есышықәса иацырҵоит, аха иазхом. Мышкы-зны иныҟәнагартә еиԥш иҟалар бзиоуп, даҽа уск авакны ахныҟәгаразы арцаҩцәа ренергиа нырымхуа. Биологиазы рҵаҩык дсыман, исуамызт аха, официанткас аусура дцеит Гаграҟа уа исырҳауа еиҳауп лҳәан".
Сзацәажәоз иреиҵбу Цкәуа иакәзар, абри аҩыза ахҳәаа ҟаиҵоит ахацәа ашкол аҿы рыҟамзаара амзызқәа дырзааҭгыло:
"Сгәаанагарала иҟоуп еиуеиԥшым амзызқәа. Актәи - илаҟәу аулафахәы. Иаҳҳәап, Швеицариа ахацәа арҵаҩцәа рҭыԥ азыҳәан аиндаҭлара ыҟоуп. Избанзар, иҳараку аулафахәы иоуеит арҵаҩы. Насгьы, социалтә пакетла деиқәыршәоуп. 6 шықәса ашкол аҿы аус иур, аҳәынҭқарратә маҵзуҩы истатус ирҭоит. Убри иара алшара инаҭоит ибзазара дазымхәыцкәа аусура. Ахәыҷқәа аҵара дырҵара имариам усуп, убри аамҭазы ҳа ҳҿы иршәо маҷуп. Сынтәа сара 23 сааҭ сымоуп, иара убас иҵауланы Аԥсны аҭоурых дырҵаразы 2- сааҭк. Акласс анапхгаҩысгьы сыҟоуп. Абарҭқәа рзы 21 нызқьмааҭ рҟынӡа соуеит. Ҵыԥх исырҳауан 16. Сара аиашазы арҵаҩра сандәықәла, сҭаацәеи сыуацәеи исарҳәеит арҵаҩы иуалафахәы шмаҷу. Имӡакәа ишәасҳәоит ааԥхьара ахьсымаз аструктурақәа ыҟан, аха сара схы ахьызбоз арҵаҩра аҿоуп. Амагистратура саналга арҵаҩра сашьҭалеит, аха иаразнакгьы аҭыԥ сзымԥшааӡеит. Нас, 5-тәи абжьаратә школ аҿы аҭыԥ ҟалан, аусура сыдыргалеит. Аҩбатәи амзыз - арҵаҩра ахьӡ ҳаракӡам, апрестижгьы амаӡам. Ашкол аҿы аҭҵаарақәа анымҩаԥызго, анкета зысҭо аҵаҩцәа занааҭқәас иалырхырц ирҭаху ҳәа иазгәарҭо аҿы арҵаҩра алкаам. Зегьы ирҭахыуп абизнес рнапы аларкырц, изиндырҩхарц, ма адепутатра, ма иҳәынҭқарратә чынуаҩны иҟаларц. Еиҭа мзызс иҟоу, ақьаадқәа рырххара. Избанзар, аҳәса рзы уи еиҳа имариоуп, ахацәа уамак ирҭахымзар ҟалап. Арҵаҩы аурок амҩаԥгара адагьы, еиуеиԥшым аметодикақәа ҭиҵаалароуп, аурок аплан аҩра уҳәа, ақьаади иареи еимадазар ауп. Нас, ахьӡ-аԥша арҳара уадаҩуп арҵаҩраҿы. Аҿар арҵаҩра ианнеилакгьы адгылара рымамзар ҟалоит. Са стәы сҳәозар, исықәҿиеит, сдиректор Лиана Хәарцкиа ацхыраара сылҭоит. Абри ҳа иҳамоу аситстема – ахацәа рмаҷра арӷәӷәоит акәымзар, урҭ ашкол иаднаԥхьалом. Иҟаҵатәузеи ахацәа ашкол ахь ицаразы? Хымԥада аулафахәы шьҭыхтәуп, насгьы, аҟыбаҩ злоу арҵаҩцәа адгылара рыҭатәуп, ирыцхраатәуп. Асистема ԥсахтәуп арҵаҩы изанааҭ апрестиж ашьҭыхразы. Аҳәынҭқарреи аҭаацәеи идыруазар ауп, арҵаҩы ида ҟалашьа шыҟам, уи азанааҭ аҳәынҭқарра шьаҭас ишамоу. Схатәы сҳәозар, Аҟәатәи аҵара аусбарҭа аолимпиадақәа рҿы сҵаҩцәа аиааира ахьыргаз азы апремиақәа сзылырҩааит, сазгәарҭеит – ари стимулуп. Ирҳәоит арҵаҩы иуалафахәы дазымхәыцуазароуп, изанааҭ бзиа ибалароуп ҳәа. Аха иус иақәнаго аԥара иоулароуп. Акы заҵәык, арҵаҩраҿы зхы зымбо, уахь ацара изаԥсам. Ауалафахәы маҷзаргьы, уа днеизар аус иуроуп".
Солидаҭ иҳәоит макьана дышҭаацәарам, аха ирҳауа ала ахныҟәгара шыуадаҩу.
"Аԥхын аекскурсиақәа рҿы аус зуеит. Аха уаҟагьы аума соуеит ҳәа сызҳәом. Сымаҭәақәа раахәара, афатә-ажәтә иазсырхоит. Арепетиторра азы аамҭа сымам, сара Ешыра сынхоит, уахь инеиуада. Ирҭахуп ауаа рхәыҷқәа згарц, аха сҵаҩцәа рҭаацәа исызрымхуам аԥара. Сҵаҩык дазыҟасҵон, аха аԥара имсымхит".
Уажәшьҭа алкаақәа ҟаҳҵозар - иахьатәи ашкол аҿы ахацәа рхыԥхьаӡара шеиҵоу, сзацәажәоз иҳарҭаз ацифракәагьы ишьақәдырӷәӷәоит. Ахацәа арҵаҩцәа рыҟамзаара ааӡара апроцесс аԥырхага анаҭоит. Ахацәа арҵаҩразы аиндаҭлара иалагарац азын, иаҭахуп афинанстә дгылара, убри азанааҭ ала ибзазара шьақәиргыло дҟаларц арҵаҩы. Уи адагьы, арҵаҩы истатус ашьҭыхра, уи аԥхьагылара змоу занааҭны, амедицина, аекономика, ачынуаҩра уҳәа ирываҟәыло иҟамлакәан ахацәа ашкол иазхьаԥшуа рыҟаҵара уадаҩуп. Арҵаҩра зыхә ҳаракны иршьо усны ианыҟамла, уи иаднагалалоит ихьысҳау аспециалистцәа. Ус ианыҟоу иҵнашәаауеит аҵара асистема.
Автори аредакциеи ргәаанагарқәа еиқәымшәозар ҟалоит.