Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Арҵаҩы Цкәуа: ахәыҷы аҭаацәа рганахьала иахәҭоу ахылаԥшра анимам убарҭоуп

Арҵаҩы: ахәыҷы аҭаацәа рганахьала иахәҭоу ахылаԥшра анимам убарҭоуп
Анапаҵаҩра
Аҟәа апрокуратура аилацәажәараҿы зықәра намӡац ахәыҷқәа злахәу ацәгьоурақәа ртәы иазааҭгылан. Арбагақәа рыла, зықәра намӡац ахәыҷқәа рганахьала ацәгьоурақәа иаҳа ирацәоуп, дара рхаҭақәа злахәу аиҳа. Жәеиза мзы ирылагӡаны жәаҩык ахәыҷқәа ацәгьоурақәа ааба ҟарҵеит.
Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ арҵаҩы Солидаҭ Цкәуа арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит ахәыҷы иааӡараҿы аҭаацәеи дареи реимадара атәы.
Иара игәаанагарала, ааӡара апроцесс ахы ахьыҵнахуа аҭаацәараҿы ауп, аха арҵаҩы ироль аҵаҩы ишьақәыргылараҿы акырӡа аҵанакуеит.
"Ахәыҷы иаамҭа аӷьырак ашкол аҿы имҩаԥигоит аҟынтә арҵаҩы аҭакԥхықәра ду идуп, аха ҳара иаабоит ишмаҷым ахҭысқәа, ахәыҷы аҭаацәа рганахьала иахәҭоу ахылаԥшра анимам. Ак ҟаларгьы, ахҭыс еилмыргакәа иаразнак ахәыҷы идгылоит. Ааӡараҿы уи сара сақәшаҳаҭым", - иҳәеит арҵаҩы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0