АҞӘА, - Sputnik. 15 шықәса раахыс Урыстәыла Ермантәыла иаҳәон Бақәеи дареи акы иазааибагарц шьаҿак аҟаҵара, рыдгьылқәа рыхәҭак рырҭарц иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин аиҿцәажәаратә клуб "Валдаи" аҿы.
"Ҳара аҵыхәтәантәи 15 шықәса ирылагӡаны акырынтә ермантәылатәи ҳҩызцәа ҳрыҳәахьан акы иазааибагарц. Азербаиџьан иарҭарц Ҟарабах акәша-мыкәша иҟоу араионқәа хәба, убас ала дара рхазы ҩба аанрыжьырц, Ермантәылеи Ҟарабахи дгьылҵакырала аимадара рзынхарц. Аха ҟарабахаа еснагь ирҳәоз ак акәын: "Ус иҟалар ҳара ҳзы ишәарҭахоит", - ҳәа", - иҳәеит Путин.
Ахада инаҵишьит Ашьха Ҟарабах ахьыԥшымра анрыланаҳәаз, Ереванҵәҟьагьы уи шазханамҵаз. Уи азымхакәа, Никол Пашиниан ареспублика Азербаиџьан иахәҭакуп ҳәа азхеиҵахьан, уи аӡбамҭазы Москва адырра аимҭакәа.
"Азербаиџьан Ҟарабах аконституциатә мчра шышьақәнаргылоз еилкаан, аамҭа акәын иаҭахыз", - иҳәеит Урыстәыла ахада.
Урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа, жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны, амца аанкылара арежим ахылаԥшра мацара акәын ирылшоз. Урҭ рахьтә ԥыҭҩык ҭахеит Ҟарабах аерманцәа рыхьчараан иҳәеит иара.
Путин иазгәеиҭеит Москва зинтә механизмқәас иҟаз зегьы ахы ианархәон Ҟарабах анхацәа агуманитартә цхыраара рыҭаразы, уи аус анагӡара аԥхьаҟагьы иазхиоуп, Ермантәыла Урыстәыла иаҩызаны иаанхозар.