Урыстәыла

Алиев Путин иҿаԥхьа аҭамзаара шьҭеиҵеит аҭынчреиҿкааҩцәа рҭахаразы

© Sputnik / Валерий Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКонцерт на блокпосту российских миротворцев в Карабахе
Концерт на блокпосту российских миротворцев в Карабахе - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2023
Анапаҵаҩра
Ильхам Алиеви Владимир Путини ҭелла реицәажәара мҩаԥысит азербаиџьантәи аган аԥшьгарала.
АҞӘА, цәыббра 21 – Sputnik. Азербаиџьан ахада Ильхам Алиеви Владимир Путини ҭелла реицәажәараан Алиев Путин иҿаԥхьа аҭамзаара шьҭеиҵеит урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа Ҟарабах рҭахаразы, абри азы аҳәамҭа ҟанаҵеит Кремль апресс-маҵзура.
Ашьха Ҟарабах, Џьаниатаг араион аҿы аҭынчреиҿкааҩцәа зҭаз амашьына иаехсит, аруаа ҭахеит.

"Алиев аҭамзаара шьҭеиҵеит, дыдшшылеит цәыббра 20 азы Ҟарабах аҭынчреиҿкааҩцәа рҭахара инамаданы. Ахҭыс ҭҵаахоит, ахара зхароугьы рықәнага иақәыршәахоит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Урыстәылеи Азербаиџьани рыпрокуратура хадақәа аус еицыруеит. Алиев иазгәеиҭеит, иҭахаз рҭаацәа аматериалтә цхыраара рыҭара дшазыхио.
Путини Алиеви ирылацәажәеит Ашьха Ҟарабах аҭагылазаашьа арманшәалареи агуманитартә проблемақәа рыӡбареи рызҵаарақәа.
"Владимир Путин азхьаԥшра аиҭеит Ҟарабах аерман уааԥсыра рзинқәеи ршәарҭадареи реиҿкаара. Азербаиџьантәи аган абри аус аҿы урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа ишрывагыло атәы азгәарҭеит", - аҳәоит адырраҭара.
Цәыббра 19 рзы Азербаиџьан Ашьха Ҟарабах ареспублика иахьаҵанакуа "ҭыԥ-ҭыԥла атеррористҿагыларатә операциа" иалагеит, урҭ хықәкыс ирымоуп аконституциа мчра аиҭашьақәыргылара. Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит аруаа хықәкыс ишрымоу аерман арратә обиектқәа. Ереван ишьақәгылаз аҭагылазаашьа агрессиоуп ҳәа ахырҳәааит, иагьырҳәеит Ҟарабах аерман арҟәшақәа шыҟам. Хымш рышьҭахь Ашьха Ҟарабах амца аанкыларазы еиқәшаҳаҭхеит. Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Ермантәыла АМ Ашьха Ҟарабах аҵакыра нрыжьроуп, урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа рхархәарала абџьар зку аерман еиҿкаарақәа рабџьар рхыхтәуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0