Аԥсны

Аҟәа Андреи Соловиов дахьҭахаз аҭыԥ азааигәара агәаларшәагатә ӷәы кыдырҵеит

ИТАР-ТАСС афотокорреспондент Андреи Соловиов ақырҭуа снаипер дҭаирхеит цәыббра 27 1993 шықәсазы Аҟәа, Аԥсны аминистрцәа Рсовет ахыбра агараан Арӡынбеи Аршбеи рымҩеихдаҿ.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 7 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәылатәи афотокорреспондент, Аԥсны Афырхаҵа Андреи Соловиов 70 шықәса ихыҵра инамаданы дахьҭахаз аҭыԥаҿ - Аҟәа, Аршба имҩаду 47-тәи аҩны аҭӡаҟны икыдырҵеит амемориалтә ӷәы.
Аԥсны жәлар 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Рџьынџьтәылатә еибашьра афотохроника автор Соловиов жьҭаара 7 рзы ихыҵуазаарын 70 шықәса.
Андреи Соловиов ақырҭуа снаипер дҭаирхеит цәыббра 27 1993 шықәсазы Аҟәа ахақәиҭтәраан.
Агәаларшәагатә ӷәы ахькыдырҵаз аҩны аҿаԥхьа ицәыргақәҵан Аԥсны ицоз аибашьра аҭыԥқәа рыҟны иҟаҵаз Соловиов ифотоҭыхымҭақәа.
"Даараӡа иҭабуп, Аԥсны Афырхаҵа, афотокорреспондент Андреи Соловиов ихьӡала агәаларшәаратә усмҩаԥгатә зҽалазырхәыз. Жәамш рыҩнуҵаҟала ари аҩбатәи усмҩаԥгатәуп. Иара данҭахаз амш аламҭалазы, цәыббра 26 рзы Аибашьра афырхаҵара амузеи аҟны имҩаԥган игәаларшәаратә хәылԥазы, уаҟа ицәыргақәҵан арҭ афотосахьақәа. Аибашьраан иара иқәшәахьаз, дыздыруаз иара идҳәалаз ахҭысқәа ирзааҭгылеит", - ҳәа иҳәеит Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵреи Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 15-шықәса аҵреи инарыдҳәалан имҩаԥысуаз аусмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, ақалақь ахадареи Россотрудничествеи рыцхыраарала Аԥсны ажурналистцәа реидгыла аӡбамҭа аднакылеит Андреи Соловиов иира амш аҽны амемориалтә ӷәы аартра ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Сара журналистк иаҳасабала сгәы аздууп, ас еиԥш аҟаза дуӡӡа иус ахьҳамоу. Ҳара ҳҭоурых иазаанижьит, ахьааи агәаҟреи, ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа рфырхаҵареи ргәыҳалалреи зныԥшуа аусумҭа шьахәқәа. Иара илшеит ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа рдоуҳамч аарԥшра, иҭабуп ҳәа иаҳәоит", - иҳәеит Ҳашыг.
Аԥсны
Аҟәа имҩаԥысит арратә корреспондент Андреи Соловиов ифотосахьақәа рцәыргақәҵа
Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы иазгәеиҭеит, Соловиов ифотосахьақәа реиҳарак знылаз афотоальбом "Аԥсны" аиҭаҭыжьра ишҳанаҳәо автор иусумҭақәа рыҩаӡара аҳаракыра.
Андреи Соловиов игәаларшәаратә ӷәы аартра аҳаҭыраз Аԥсныҟа дааит ТАСС арегионалтә жәабжьқәа рредакциа анапхгаҩы Андреи Цицинов.
Аусмҩаԥгатә иалахәын - атәыла ахада ихаҭыуаҩ Бадра Гәынба, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, акультура аминистр Даур Ақаҩба.