Аҟәа имҩаԥысит арратә корреспондент Андреи Соловиов ифотосахьақәа рцәыргақәҵа
© Sputnik / Сария Кварацхелия Выставка, посвященная военному фотокорреспонденту Андрею Соловьеву, открылась в музее Боевой Славы
© Sputnik / Сария Кварацхелия
Анапаҵаҩра
Афотокорреспондент Андреи Соловиов Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан шамахамзар аԥсуа ар ржәыларақәа зегьы дрылахәын, аҭоурых иазынижьит ахҭысқәа зныԥшуа афотосахьақәа. Соловиов дҭахеит Аҟәа ахақәиҭтәраан цәыббра 27, 1993 шықәсазы.
АҞӘА, цәыббра 27 – Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Арратә корреспондент Андреи Соловиов ифотосахьақәа рцәыргақәҵа мҩаԥган Аҟәа, Ахьӡ-аԥша амузеи аҿы.
Аекспозициахь инагоуп 1992-1993 шықәсқәа рзы иҭыхыз 30 фотосахьа. Акадрқәа Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра иарҭеит аинформациатә маҵзура ТАСС. Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг иазгәеиҭеит аибашьра аламҭалаз Аԥсны афотожурналистика аҿиара шамамыз, Андреи Соловиов, Олег Климов реиԥш иҟаз ауаа ишдырбеиаз аԥсуа журналистика.
"Дара еиҿыркааит Аԥсны афотожурналистика ахьтәы фонд. Акадрқәа хаҭәаауп информациала. Кадрцыԥхьаӡа еиуеиԥшым асиужетқәа рныԥшуеит – аибашьра адагьы ауаа реиқәырхара, ахымца ралгара аазырԥшуа агуманизм. Ахәыцра узцәырҵуеит дабаҟаз абри аамаҭзы иара афоторепортиор ҳәа. Излаилшоз уи иҟалоз дырны акадрқәа разырхиара? Ари профессионализмуп", – иҳәеит Ҳашыг.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иазгәеиҭеит аибашьраан аԥсуаа ишрывагылаз урыстәылаагьы.
© Sputnik / Сария Кварацхелия Арратә корреспондент Андреи Соловиов ифотосахьақәа рцәыргақәҵа мҩаԥган Аҟәа
Арратә корреспондент Андреи Соловиов ифотосахьақәа рцәыргақәҵа мҩаԥган Аҟәа
© Sputnik / Сария Кварацхелия
"Урыстәылаа усҟан аԥсуаа ирывагыланы анацизм ишаҿагылаз ауп иахьа аԥсуаагьы урыстәылаа ишрыдгыло. Аицхыраара ҳажәларқәа ршьарда иалоуп. Уи акыр ҳаиднакылоит. Ус иҟан ус иҟалоит ԥхьаҟагьы", - ҳәа иҳәеит Шургалин.
Афотоцәыргақәҵа аартра иалахәын Андреи Соловиов иҩызцәа. Урҭ дреиуоуп асанинструктор Анна Броидо. Аибашьраан Броидои Соловиови ргәы иҭаркит ашәҟәы аицыҩра.
"Цәыббрамзатәи ажәылара аламҭалаз аккредитациа аиуразы Атәылахьчара апресс-центр аҿы сахьнеиз Андреии сареи ҳаиқәшәеит. Даара ҳаигәырӷьеит ҳаибабара. Анаҩс аидарамҩангага машьынала ҳаиццон. Иара уброуп иахьцәырҵыз аибашьра ашьҭахь ашәҟәы ҭҳажьырц. "Бара ашәҟәы быҩуеит, сара афотосахьақәа ацысҵоит" иҳәеит", - ҳәа лгәалалыршәоит Броидо.
Соловиов дыззыԥшыз аиааира амш дзахьымӡеит. Цәыббра 27 аҽны, Аҟәа ахақәиҭтәраз ажәылараан аснаипер дҭаирхеит. Шықәсык ашьҭахь Анна Броидо Андреи Соловиов ифотосахьақәагьы агәылаҵаны ашәҟәы ҭлыжьит.
Андреи Соловиов дахьҭахаз аҭыԥ аҿы (Арӡынба имҩеи аинрал Аршба имҩеи реихысырҭа) иазгәаҭоуп урыстәылатәи афотокорреспондент игәалашәаратә ӷәы шьақәдыргыларц.
Афоторепортиор Андреи Соловиов деицырдыруа дҟалеит игәымшәарала. Иара еснагь еиҳа иахьеилалоз дыҟан: Ашьха Ҟарабах, Приднестровие, Аԥсны уҳәа уаанӡатәи Асовет еидгыла атәылақәа жәпакы рҿы. Соловиов раԥхьатәи амшқәа инадыркны Аԥсны ахҭысқәа алаирҵәон. Аԥсуа ар ржәыларақәа зегьы раан дрыцын. Соловиов дҭахеит Аҟәа ахақәиҭтәраан цәыббра 27, 1993 шықәсазы.