Аԥсны

Хара имгакәан "Аԥра" ахсаалагақәа рыла анапынҵадатә хшәаарақәа алагалахоит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Аԥсны Абанк аус аднаулоит аԥарашәаратә система "Аԥра" ала анапынҵадатә хшәаарақәа рзы апроект, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз амилаҭтә ԥарашәаратә система "АԤРА" анагӡаратә директор Инал Кьышьмариа.
Иара иажәақәа рыла, ари аус Аԥсны аларҵәара азгәаҭоуп 2023 шықәса анҵәамҭеи 2024 шықәса алагамҭеи рзы.
"Анапынҵадатә хшәаарақәа аҭагылазаашьа унаҭоит, ахсаалага атерминал иҭамҵаӡакәан аԥара ашәара. Ус аԥарашәара ҟалоит Аԥсни Урыстәылеи рыҟны", - ҳәа иҳәеит иара.
Кьышьмариа иазгәеиҭеит асистема ахсаалага хазхаҭалатә ажәамаӡа аиура апроцедурагь шыԥсаххо.
Анагӡаратә директор иҳәеит, Аиааиреи Ахьыԥшымреи аиубилеи аҳаҭыраз итрадициахаз Амилаҭтә Банк аҳамҭақәа шрананашьо ахсаалага "АԤРА" лассы-ласс зхы иазырхәо. Иара иажәақәа рыла, аиааира зго аԥара рацәаны инызхуа иакәӡам, лассы-ласс анапынҵадатә хшәаарақәа мҩаԥызго иакәхоит. Атәыла араионқәа зегь рҟынтәи иаиааиз алкаахоит, ҳамҭас ирыҭахоит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба дызну аԥсарқәа.