Аԥсны

Кавказ азы аибашьраҿы иҭахаз ргәаладыршәеит ашьхахыҵырҭа Пыв аҿы

Кавказ азы аибашьра Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан аамҭала еиҳа идууз аиҿагыларақәа иреиуан, иалагеит 1942 шықәса ԥхынгәы 25 рзы, ихыркәшан 1943 шықәса жьҭаара 9 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. Ашьхахыҵырҭа Пыв, Кавказ азы аибашьраҿы Аиааира 80 шықәса ахыҵра ахьӡала асовет ар рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит ҳәа аанацҳауеит акультуратә фонд "Платформа".
Ацеремониа иалахәын Аԥсны атәылахьчара аминистрра, "Москва Аҩны", афонд "Платформа", Урыстәылатәи аицџьынџьуаа рассоциациа рхаҭарнакцәа, иҭахаз рзы анцәаимҵаныҳәара мҩаԥызгаз анцәаимаҵуҩцәа.
1 / 3
На перевале Пыв у памятника советским воинам прошло возложение в честь 80-летия победы в Битве за Кавказ.
2 / 3
На перевале Пыв у памятника советским воинам прошло возложение в честь 80-летия победы в Битве за Кавказ.
3 / 3
На перевале Пыв у памятника советским воинам прошло возложение в честь 80-летия победы в Битве за Кавказ.
"Иазгәаҳҭарц ҳҭахын СССР аладатәи ахәҭаҿы анемец-фашист ар ишырҿагылаз Кавказтәи ашьхеибаркыра хада аԥснытәи ахәҭаҿы— Клыхәра, Марыхә, Санчара. Ара фырхаҵарыла иҭахеит Асовет ар зықьҩыла асолдаҭцәеи афицарцәеи. Жәохә нызқьҩык рҟынӡа рыԥсыбаҩқәа иахьагьы анышә иамадаӡам", - иҳәеит ажурналист, афонд "Платформа" анагӡаратә директор Дмитри Статеинов.
Аԥсны
Ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы: ашьхахыҵырҭа Пыв аҿы асовет аруаа рбаҟа аадыртраны иҟоуп
Кавказ азы аибашьра Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан аамҭала еиҳа идууз еиҿагыларан, 900-мшы ицоз Ленинград ахьчара ашьҭахь.
Кавказ аҵак ду аман гитлераа рзы: анефҭ, агаз, амаденқәа, Ирани Индиеи рахь иманшәалоу амҩақәа. Иара убасгьы Грозныи, Маиҟәаԥ, Бақәа рҟынтәи анефҭҵхырҭақәа 90% рҟынӡа СССР аҭахрақәа нарыгӡон. Арегион иара убасгьы астратегиатә ҵакы аман арратә ааглыхразы: авольфрам-молибдентә маденқәа рыҵхырҭақәа рганахьала, украинатәи адгьылеиқәаҵәарақәа рцәыӡра ашьҭахь Ҟәыбани Кавкази афатәаалыҵ ала атәыла аиқәыршәаразы аҵак ду аиуит.
Арҭ аҭыԥқәа рҿы аибашьра иалагеит 1942 шықәсазы, анемеццәа шьҭахьҟа рыԥхьацара алыршахеит 442 мшы рышьҭахь – жьҭаара 9 1943 шықәсазы. Абаҟа ахьыргылоу Аԥсны ашьхахыҵырҭа Пыв ала Аҟәатәи, Гәдоуҭатәи, Гагратәи аотриадқәа, иара убасгьы еидҵаз аотриад "Ԥсҳәы" злахәыз Санчаратәи ахырхарҭа ар мҩасуан.
Ԥхынгәы 31, 2020 шықәсазы Урыстәыла ахада Владимир Путин инапы аҵеиҩит жьҭаара 9 Кавказ азы аибашьраҟны анемец-фашист ар реилаԥыххаара Амш акәны изшьо азакәан.
Аԥсны
Афонд "Платформа" аҳасабырба ҟанаҵеит апроект "Кавказтәи афронт" Аԥсны амҩаԥысшьаз