Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Афонд "Платформа" аҳасабырба ҟанаҵеит апроект "Кавказтәи афронт" Аԥсны амҩаԥысшьаз

© Sputnik / Олег КноррингВеликая Отечественная война 1941-1945 гг. Кавказский перевал взят! Оборона Кавказа проходила по широкой линии фронта – от Новороссийска до Моздока. На этих плацдармах в ходе изнурительных, кровопролитных оборонительных боев было остановлено наступление немецких войск.
Великая Отечественная война 1941-1945 гг. Кавказский перевал взят! Оборона Кавказа проходила по широкой линии фронта – от Новороссийска до Моздока. На этих плацдармах в ходе изнурительных, кровопролитных оборонительных боев было остановлено наступление немецких войск. - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.01.2023
Анапаҵаҩра
1942 шықәсазы афашистцәа Ҟәбани Нхыҵ Кавкази реиҳарак рнапахьы иааргеит, арҭ аҵакырақәа рхы иақәиҭтәын 1943 шықәса жьҭаарамзазы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 - Sputnik. Акультуратә фонд "Платформа" аҳасабырба ҟанаҵеит аҭоурыхтә арра-патриоттә проект "Кавказтәи афронт" амҩаԥысшьаз. Аҳасабырба кьыԥхьуп апроект аофициалтә саит аҿы.

Апроект Кавказ азы аибашьра 80 шықәса ахыҵра иазкуп, ауснагӡатәқәа азԥхьагәаҭоуп 2022-2023 шықәсқәа рзы.

2021 шықәсазы апроект акоманда ҩынтә Ԥсҳәы ақыҭа иаҭааит, аҭыԥқәа ҭырҵааит, ауааԥсыра ирыҿцәажәеит, иҭырхит афашист мпыҵахалаҩцәа штабс ирымаз ақыҭатә ҩны иазкны авидеоролик.
Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Ԥсҳәы ақыҭан еиҿкааз аекспедициа аҭыхрақәа ирылагеит аибашьраан аӷа импыҵеихалаз ақыҭа иазкны адокументалтә фильм "14 мшы" – арежиссиор Дмитри Статеинов.
Проект Кавказский фронт, посвящённый битве за Кавказ - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2023
Аԥсны
Акультуратә фонд "Платформа" 2022 шықәсазтәи аусура аихшьаала ҟанаҵеит
Ақыҭахь рныҟәарақәа раан апроект авторцәа аҭоурыхтә фотоцәыргақәҵеит асовет солдаҭцәа рыԥсыжырҭақәа рархеологиатә хсаалагеи рзы еизыркит аинформациа рацәа. Иазԥхьагәаҭоуп Кавказ азы аибашьраан иҭахаз, ирызку ашьхахыҵырҭа Пыв иқәыргылоу абаҟақәа ҩба реиҭашьақәыргылара. Ԥсҳәыҟа рныҟәара атәы апроект авторцәа алацәажәеит апресс-конференциаҿ, Sputnik аҟны.
Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаан астол гьыжь – атема: "Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых арԥаршеиреи ҳаамҭазтәи АИХқәа рҿы аманипулиациақәеи рҿагылара", имҩаԥган аҿартә квест "Кавказтәи афронт".
Апроект аӡбахә Аԥсны анҭыҵгьы ирдыруеит. 2021 шықәса ԥхынҷкәынмзазы иӡырган Жәларбжьаратәи арра-ҭоурыхтә форум аҿы, 2022 шықәса абҵарамзазы – астол гьыжь "Урыстәыла арратә хьӡыԥша ашьҭрақәлаҩцәа" аҿы "Москватәи амилаҭқәа рыҩнаҟны".
2023 шықәсазы иазԥхьагәаҭоуп Кавказ азы аибашьра 80 шықәса ахыҵра иазку ауснагӡатәқәа.
ПК Статейнова по итогам экспедиции в Псху - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2022
Аԥсны
Кавказ ахьчаразы Ԥсҳәы аибашьраан иҟаз ахҭысқәа ирызку афильм ҭырхран иҟоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0