https://sputnik-abkhazia.info/20230822/khaati-abiaraa-rzy-ashkhakhyyra-pyv-ay-asovet-aruaa-rbaa-aadyrtrany-ioup-1047612485.html
Ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы: ашьхахыҵырҭа Пыв аҿы асовет аруаа рбаҟа аадыртраны иҟоуп
Ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы: ашьхахыҵырҭа Пыв аҿы асовет аруаа рбаҟа аадыртраны иҟоуп
Sputnik Аҧсны
Аусурақәа мҩаԥган Кавказ игаз аиааира 80 шықәса аҵра иазкны аибашьра аҭоурых-арра-патриоттә проект "Кавказтәи афронт" аҳәаақәа ирҭагӡаны. 22.08.2023, Sputnik Аҧсны
2023-08-22T13:19+0300
2023-08-22T13:19+0300
2023-08-22T14:02+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
апресс-центр
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/11/1046978790_0:120:1280:840_1920x0_80_0_0_a317081efc2713fd9021f60fc2f6402c.jpg
АҞӘА, нанҳәа 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 1942-1943 шықәсқәа рзы ашьхахыҵырҭа Пыв аҟны иҭахаз асовет еибашьцәа рбаҟа аадыртраны иҟоуп нанҳәа 24 рзы. Абри атәы Sputnik Аԥсны аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциаҟны еиҭеиҳәеит акультуратә фонд "Платформа" анагӡаратә директор Дмитри Статеинов.Аусурақәа мҩаԥыргоит акультуратә фонд "Платформа" аԥшьгаратә гәыԥ, Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аррамаҵзурауаа, Приволжие иҟоу Аԥсны аҳаҭыр консул Владимир Литвинчук идгыларала. Апроект ацхыраара анаҭеит Аԥсны акультура аминистрра.2023 шықәсазы Литвинчук ибзоураны иалыршахеит асовет аруаа рбаҟа ашьхахыҵырҭа Пыв ақәыргылара. Аиҭашьақәыргылар хымчыбжь инарзынаԥшуа имҩаԥысуан, уажәы абаҟа аартра иазыхиоуп иҳәеит Статеинов."Сара Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак, Приволжие иҟоу Аԥсны аҳаҭыр консул иҳасаб ала АдәАР аҟынтәи анапынҵа сыҭан. Атәыла анапхгареи сареи ҳаиԥылараан иазхәыцын апрограмма. Ауадаҩрақәа аланагалон ашьхахыҵырҭа аҳаракыра, аҭыԥ (Пыв 2 000 метра амшынаҩаӡараҟынтә иҳаракуп - азгә.), аҳауатә ҭагылазаашьақәа уҳәа… Аха дарбанзаалак ҳназдгылаз аӡәгьы мап ҳцәикуамызт", - ҳәа азгәеиҭеит Литвинчук.Акраҵанакуаны иҟоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҭоурых аицамкра ҳәа иҳәеит Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба."Иахьа, адунеи аҿы аҭоурых еиҭакны ирҩырц ианаҿу асеиԥштәи ахҭысқәа акыр рыҵаркуаны иҟоуп. Ихадароу аҭоурых агәалашәара аиқәырхароуп. Афырхаҵара ахашҭра ҟалом, уи абиԥарақәа ирымадалатәуп", - ҳәа иҳәеит аминистр.Абаҟа аартра амш азы иара ашьаҭаҿ иҭаҵахоит ԥхьаҟа еиҵагыло рзы анашьҭымҭа зҭарҵо акапсула, ҩ-бызшәак рыла – аԥсышәалеи урысшәалеи. Иара 20 шықәса рышьҭахь, Кавказ азы аибашьраҿ аиааира 100 шықәса ахыҵра амш азы иаартхоит."Агәра ганы ҳаҟоуп усҟантәи аамҭазы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду абаҟақәа зегьы нап рыдкылан ишыҟало азы. Аибашьра ӷәӷәа ахьцоз Санчаратәи, Марыхәтәи, Клыхәратәи ахыҵырҭақәа рҿы иҭахаз аибашьцәа рыԥсыбаҩқәа иахьагьы ирбоит. Урҭ ҳаҭырла анышә иамардоит. Иара убасгьы ҳақәгәыӷуеит Аиааира 100-шықәса ахыҵраан арҭ ахыҵырҭақәа рҿы иҭахаз аибашьцәа рыԥсыбаҩқәа зегьы анышә иамадахап ҳәа", - аҳәоит анашьҭымҭа атекст аҿы.2043 шықәса, жьҭаара 9 рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан реиҳа ишьаарҵәыраз, аԥсҭбарақәа зцыз, аамҭа рацәа згаз Кавказ азы аибашьраҿ Аиааира 100-шықәса ахыҵуеит.2021 шықәсазы иӡыргаз Акультуратә фонд "Платформа" апроект "Кавказтәи афронт" хықәкы хадас иамоуп аҿар рпатриоттә ааӡара, аҭоурых аҭҵаара аларҵәара.
https://sputnik-abkhazia.info/20230808/imagan-apatriott-ekspeditsia-akhykhcharat-makhasa-1047387160.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/11/1046978790_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_a4a6be1ecb7111409e98d2963e9ecaff.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, апресс-центр, аԥсны
ажәабжьқәа, апресс-центр, аԥсны
Ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы: ашьхахыҵырҭа Пыв аҿы асовет аруаа рбаҟа аадыртраны иҟоуп
13:19 22.08.2023 (ирҿыцуп: 14:02 22.08.2023) Аусурақәа мҩаԥган Кавказ игаз аиааира 80 шықәса аҵра иазкны аибашьра аҭоурых-арра-патриоттә проект "Кавказтәи афронт" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
АҞӘА, нанҳәа 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 1942-1943 шықәсқәа рзы ашьхахыҵырҭа Пыв аҟны иҭахаз асовет еибашьцәа рбаҟа аадыртраны иҟоуп нанҳәа 24 рзы. Абри атәы Sputnik Аԥсны аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциаҟны еиҭеиҳәеит акультуратә фонд "Платформа" анагӡаратә директор Дмитри Статеинов.
Аусурақәа мҩаԥыргоит акультуратә фонд "Платформа" аԥшьгаратә гәыԥ, Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аррамаҵзурауаа, Приволжие иҟоу Аԥсны аҳаҭыр консул Владимир Литвинчук идгыларала. Апроект ацхыраара анаҭеит Аԥсны акультура аминистрра.
"Акультуратә фонд "Платформа" апроект "Кавказтәи афронт" аҳәаақәа ирҭагӡаны ауп ашьхахыҵырҭа Пыв аҟны абаҟа аргылара шымҩаԥысуа. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгоуп акыр уснагӡатә. Ииасыз ашықәс азы аҭыхра хацыркын афашистцәа ирымпыҵахалаз Ԥсҳәы ақыҭа иазкны афильм. Ари ақыҭа заҵәык ауп Аԥсны аибашьраан анемец ар рнапахьы ирызнагаз", - ҳәа иҳәоит акультуратә фонд "Платформа" анагӡаратә директор Дмитри Статеинов.
2023 шықәсазы Литвинчук ибзоураны иалыршахеит асовет аруаа рбаҟа ашьхахыҵырҭа Пыв ақәыргылара. Аиҭашьақәыргылар хымчыбжь инарзынаԥшуа имҩаԥысуан, уажәы абаҟа аартра иазыхиоуп иҳәеит Статеинов.
"Сара Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак, Приволжие иҟоу Аԥсны аҳаҭыр консул иҳасаб ала АдәАР аҟынтәи анапынҵа сыҭан. Атәыла анапхгареи сареи ҳаиԥылараан иазхәыцын апрограмма. Ауадаҩрақәа аланагалон ашьхахыҵырҭа аҳаракыра, аҭыԥ (Пыв 2 000 метра амшынаҩаӡараҟынтә иҳаракуп - азгә.), аҳауатә ҭагылазаашьақәа уҳәа… Аха дарбанзаалак ҳназдгылаз аӡәгьы мап ҳцәикуамызт", - ҳәа азгәеиҭеит Литвинчук.
Акраҵанакуаны иҟоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҭоурых аицамкра ҳәа иҳәеит Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба.
"Иахьа, адунеи аҿы аҭоурых еиҭакны ирҩырц ианаҿу асеиԥштәи ахҭысқәа акыр рыҵаркуаны иҟоуп. Ихадароу аҭоурых агәалашәара аиқәырхароуп. Афырхаҵара ахашҭра ҟалом, уи абиԥарақәа ирымадалатәуп", - ҳәа иҳәеит аминистр.
Абаҟа аартра амш азы иара ашьаҭаҿ иҭаҵахоит ԥхьаҟа еиҵагыло рзы анашьҭымҭа зҭарҵо акапсула, ҩ-бызшәак рыла – аԥсышәалеи урысшәалеи. Иара 20 шықәса рышьҭахь, Кавказ азы аибашьраҿ аиааира 100 шықәса ахыҵра амш азы иаартхоит.
"Агәра ганы ҳаҟоуп усҟантәи аамҭазы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду абаҟақәа зегьы нап рыдкылан ишыҟало азы. Аибашьра ӷәӷәа ахьцоз Санчаратәи, Марыхәтәи, Клыхәратәи ахыҵырҭақәа рҿы иҭахаз аибашьцәа рыԥсыбаҩқәа иахьагьы ирбоит. Урҭ ҳаҭырла анышә иамардоит. Иара убасгьы ҳақәгәыӷуеит Аиааира 100-шықәса ахыҵраан арҭ ахыҵырҭақәа рҿы иҭахаз аибашьцәа рыԥсыбаҩқәа зегьы анышә иамадахап ҳәа", - аҳәоит анашьҭымҭа атекст аҿы.
2043 шықәса, жьҭаара 9 рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан реиҳа ишьаарҵәыраз, аԥсҭбарақәа зцыз, аамҭа рацәа згаз Кавказ азы аибашьраҿ Аиааира 100-шықәса ахыҵуеит.
2021 шықәсазы иӡыргаз Акультуратә фонд "Платформа" апроект "Кавказтәи афронт" хықәкы хадас иамоуп аҿар рпатриоттә ааӡара, аҭоурых аҭҵаара аларҵәара.