Аԥсны

Гәымсҭа ақыҭан амаининг-ферма ԥшаауп

Аԥсны акриптовалиута арҳареи афымцатә ҳақәа закәаншьаҭада аҿакреи рус аарԥшразы агәаҭарақәа еицымҩаԥыргоит Аҳәынҭстандарти азинхьчаратә усбарҭақәеи русзуҩцәа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан амаининг-ферма ахьыҟаз рыԥшааит ҳәа аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Акриптавалиута арҳаразы 11 аппарат ылганы аамҭалатәи аҵәахырҭахь инагоуп.
Ахархәагақәа рыԥшәма Давид Квачантираӡе иганахь ала административтә ԥкаанҵа еиҿкаауп.
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара акриптовалиута арҳареи амаининг азы амаругақәа атәылахь ралагалареи ҟалом ҳәа аԥҟара аҿҳәара иацырҵеит ԥхынҷкәын 31 2023 шықәсанӡы.