АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Арҵаҩы имш иазкыз амузыка-поезиатә хәылԥазы мҩаԥысит Аҟәа акультура-усутә центр "Москва аҩны" аҟны. Абри атәы аанацҳауеит ацентр апресс-маҵзура.
"Ауаҩы даԥсаны иааӡараҿы арҵаҩы иџьабаа рацәоуп. Дарбан ҵаҩызаалак баҩхатәрак илоуп, убри аҟнытә рызнеишьақәагь хазызароуп. Арҵаҩы иҟазара цәырҵуеит урҭ рхаҭара ашьақәыргылараҿ", - иҳәеит аусмҩаԥгатә аартуа ацентр аиҳабы иабжьгаҩ Борис Наҟәаԥиа.
Ахәылԥаз ахь ааԥхьара рыман 2023 шықәса жьҭаарамзазы "Аԥсны Ареспублика Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы" ҳәа ахьӡ ҳаракқәа зыхҵази Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәызи арҵаҩцәа.
Асасцәа рҿаԥхьа иқәгылеит актерцәеи аҟәатәи ашколхәыҷқәеи. Дара инарыгӡеит еицырдыруа асоветтә ашәақәа, ирыԥхьеит Фазиль Искандери Андреи Дементеви ашколқәратәи ражәеинраалақәеи ражәабжьқәа ацыԥҵәахақәеи.
Ахәылԥаз ахыркәшамҭаз арҵаҩцәа агәаларшәагатә ҳамҭақәеи ашәҭшьыҵәрақәеи рыҭан.