АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла украинатәи аҳаирпланқәа хԥа: Миг-29 (ҩба), Су-25 (акы) карыжьит аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа Херсонтәии Днепропетровсктәии аобластқәа рҿы ҳәа аанацҳауеит атәылахьчара аминистрра.
Аоператив-тактикатә авиациа, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, аракетатә ар, артиллериа аӷа 119 раион рҿы иеибашьцәеи итехникеи ааха рырҭеит.
Ааха рыҭоуп арадиолокациатә станциа П-18, аракета-артиллериатә бџьар аҵәахырҭа, авиациатә былтәы аизакырҭа Хмельницктәи араион аҳаирбаӷәаза Староконстантинов аҟны, Миргород аҳаирбаӷәазаҿ – аимадаратә ҭыԥ.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы УАМ ар ржәыларақәа жәба ԥхьарҟәҟәаан. Аӷа ицәыӡит 85 еибашьҩы, ҩ-танкк, ҩ-артиллериатә шьақәгыла 2С1 "Гвоздика".
Краснолимантәи ахырхарҭаҿы Киев иацәыӡит 65 солдаҭ, ҩ-кәылӡмашьынак, апикап, ҩ-гаубицак Д-30.
Донецктәи ахырхарҭаҿы УАМ ар ржәыларақәа жәаба ԥхьарҟәҟәаан. Аӷа ицәыӡит 460 еибашьҩы, х-танкк, ҩ-кәылӡмашьынак, 12 автомобил, ҩ-артиллериатә системак М777, артиллериатә шьақәгыла "Krab", ахысгақәа Д-20, агаубица "Акация", УАМ амеханизациа зызуу 54-тәи абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп: 70 украинатә солдаҭ, ҩ-автомобилк, агаубица "Гиацинт-Б", агаубица "Мста-Б", Запорожиатәи ахырхарҭаҿы иҭархан: 55 солдаҭ, ҩ-кәылӡмашьынак, ҩпикапк, артиллериатә система М777, артиллериатә шьақәгыла "Krab", агаубица "Гвоздика", Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп: 65 украинатә солдаҭ, 12-автомобил, агаубица Д-30, арадиоҿагыларатә станциа, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба.