АҞӘА, жьҭаара 18 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Газа ахәышәтәырҭа ажәлара – рыцҳароуп, игуманиттә машәыр цәгьоуп ҳәа ахиҳәааит. Абри иара иҳәеит Китаи иҟазаара иазкыз аихшьаалақәа рымҩаԥгаразы апресс-конференциаҟны.
"Агоспиталь амца ажәҵара рыцҳароуп, уа иҟалаз ихлымӡааху хҭысуп. Шәҩыла ауаа шьуп, шәҩыла ауаа хәуп ҭыԥк аҿы, аиҳаракгьы агуманитартә ҟазшьа змоу аҭыԥ аҿы. Ари аимак ирласны аҭыԥ ишықәҵатәу узырбо усуп. Ианамуӡа, еиныррақәак, еиҿцәажәарақәак ирызкылстәуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Газа асектор аҿтәи ахәышәтәырҭа "Аль-Ахли" жьҭаара 17 рзы амца ажәҵан. Иҭахеит 600-ҩык инарзынаԥшуа, аахақәа роуит 900-ҩык рҟынӡа - еиҳарак аҳәсеи ахәыҷқәеи. Убри аан аганқәа ахара рыдеибаҵоит.
Израиль ахәышәтәырҭа иаахаз палестинатәи агәыԥ "Исламский джихад" иоунашьҭыз аракетоуп ҳәа иқәгылоуп, Палестина ААР - израильтәи авиациоуп аракетатә жәылара ҟазҵаз ҳәа рҳәоит.
Палестина хымштәи алахьеиқәҵара рылаҳәоуп. Иорданиа, Шьамтәыла, Ҭырқәтәыла аҿагыларатә акциақәа мҩаԥысит палестинаа ирыдгыланы.