Урыстәыла

Захарова Газа ахәышәтәырҭа ажәлара ауаҩы дгыгшәыгхеит ауп иаанаго лҳәеит

© Sputnik / Пресс-служба МИД РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБрифинг официального представителя МИД России М. Захаровой
Брифинг официального представителя МИД России М. Захаровой - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.10.2023
Анапаҵаҩра
Газа асектор аҿтәи ахәышәтәырҭа "Аль-Ахли" жьҭаара 17 рзы амца ажәҵан. Иҭахеит 500-ҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра, еиҳарак аҳәсеи ахәыҷқәеи.
АҞӘА, жьҭаара 18 - Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Газа ахәышәтәырҭа ажәлара ауаҩы дгыгшәыгхеит ауп иаанаго ҳәа ахырҳәааит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, аусбарҭа аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова лажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Ҳәарада, ари аҩыза аумҭа цәгьоура ӷәӷәоуп, ауаҩы дгыгшәыгхеит ауп иаанаго", - ҳәа лҳәеит лара, иагьацылҵеит Израиль ахара шадым аазырԥшуа аспутниктә ҭыхымҭақәа цәырнагар ауп ҳәа.

Захарова илҳәеит Мрагылара Ааигәа иҟоу аҭагылазаашьа арегион аҳәаақәа ишырҭыҵыз, аха убри аан уи режиссиорс иазыҟоу Еиду аштатқәеи Британиа Дуи роуп ҳәа.
"Аҭагылазаашьа арегион аҳәаақәа ирҭыҵит. Ари адунеитә мҽхакы змоу рыцҳара дууп", - лҳәеит Мариа Захарова.
Газа асектор аҿтәи ахәышәтәырҭа "Аль-Ахли" жьҭаара 17 рзы амца ажәҵан. Иҭахеит 500-ҩык инарзынаԥшуа, аахақәа роуит 600-ҩык рҟынӡа - еиҳарак аҳәсеи ахәыҷқәеи.
Убри аан аганқәа ахара рыдеибаҵоит. Израиль ахәышәтәырҭа иаахаз палестинатәи агәыԥ "Исламский джихад" иоунашьҭыз аракетоуп ҳәа иқәгылоуп, Палестина ААР - израильтәи авиациоуп аракетатә жәылара ҟазҵаз ҳәа рҳәоит.
Палестина хымштәи алахьеиқәҵара рылаҳәоуп. Иорданиа, Шьамтәыла, Ҭырқәтәыла аҿагыларатә акциақәа мҩаԥысит палестинаа ирыдгыланы.
Ажәабжьқәа зегьы
0