https://sputnik-abkhazia.info/20231018/putin-gaza-akhyshtyra-azhlara--khlymaakhup-igumanitart-rytsaroup-1048664228.html
Путин: Газа ахәышәтәырҭа ажәлара – хлымӡаахуп, игуманитартә рыцҳароуп
Путин: Газа ахәышәтәырҭа ажәлара – хлымӡаахуп, игуманитартә рыцҳароуп
Sputnik Аҧсны
Газа асектор аҿы ахәышәтәырҭа "Аль-Ахли" ажәлараан иҭахеит 600-ҩык инарзынаԥшуа, аахақәа роуит 900-ҩык рҟынӡа. 18.10.2023, Sputnik Аҧсны
2023-10-18T15:25+0300
2023-10-18T15:25+0300
2023-10-18T15:36+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
владимир путин
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0a/04/1048441813_0:57:3072:1785_1920x0_80_0_0_7dbbf7a30154a02da486b1a58fc37626.jpg
АҞӘА, жьҭаара 18 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Газа ахәышәтәырҭа ажәлара – рыцҳароуп, игуманиттә машәыр цәгьоуп ҳәа ахиҳәааит. Абри иара иҳәеит Китаи иҟазаара иазкыз аихшьаалақәа рымҩаԥгаразы апресс-конференциаҟны.Газа асектор аҿтәи ахәышәтәырҭа "Аль-Ахли" жьҭаара 17 рзы амца ажәҵан. Иҭахеит 600-ҩык инарзынаԥшуа, аахақәа роуит 900-ҩык рҟынӡа - еиҳарак аҳәсеи ахәыҷқәеи. Убри аан аганқәа ахара рыдеибаҵоит.Израиль ахәышәтәырҭа иаахаз палестинатәи агәыԥ "Исламский джихад" иоунашьҭыз аракетоуп ҳәа иқәгылоуп, Палестина ААР - израильтәи авиациоуп аракетатә жәылара ҟазҵаз ҳәа рҳәоит.Палестина хымштәи алахьеиқәҵара рылаҳәоуп. Иорданиа, Шьамтәыла, Ҭырқәтәыла аҿагыларатә акциақәа мҩаԥысит палестинаа ирыдгыланы.
https://sputnik-abkhazia.info/20231018/zakharova-gaza-akhyshtyra-azhlara-auay-dgygshygkheit-aup-iaanago-leit-1048657977.html
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0a/04/1048441813_197:0:2928:2048_1920x0_80_0_0_9b161b4c67663ce49c551ccff5dd8094.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, владимир путин
ажәабжьқәа, владимир путин
Путин: Газа ахәышәтәырҭа ажәлара – хлымӡаахуп, игуманитартә рыцҳароуп
15:25 18.10.2023 (ирҿыцуп: 15:36 18.10.2023) Газа асектор аҿы ахәышәтәырҭа "Аль-Ахли" ажәлараан иҭахеит 600-ҩык инарзынаԥшуа, аахақәа роуит 900-ҩык рҟынӡа.
АҞӘА, жьҭаара 18 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Газа ахәышәтәырҭа ажәлара – рыцҳароуп, игуманиттә машәыр цәгьоуп ҳәа ахиҳәааит. Абри иара иҳәеит Китаи иҟазаара иазкыз аихшьаалақәа рымҩаԥгаразы апресс-конференциаҟны.
"Агоспиталь амца ажәҵара рыцҳароуп, уа иҟалаз ихлымӡааху хҭысуп. Шәҩыла ауаа шьуп, шәҩыла ауаа хәуп ҭыԥк аҿы, аиҳаракгьы агуманитартә ҟазшьа змоу аҭыԥ аҿы. Ари аимак ирласны аҭыԥ ишықәҵатәу узырбо усуп. Ианамуӡа, еиныррақәак, еиҿцәажәарақәак ирызкылстәуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Газа асектор аҿтәи ахәышәтәырҭа "Аль-Ахли" жьҭаара 17 рзы амца ажәҵан. Иҭахеит 600-ҩык инарзынаԥшуа, аахақәа роуит 900-ҩык рҟынӡа - еиҳарак аҳәсеи ахәыҷқәеи. Убри аан аганқәа ахара рыдеибаҵоит.
Израиль ахәышәтәырҭа иаахаз палестинатәи агәыԥ "Исламский джихад" иоунашьҭыз аракетоуп ҳәа иқәгылоуп, Палестина ААР - израильтәи авиациоуп аракетатә жәылара ҟазҵаз ҳәа рҳәоит.
Палестина хымштәи алахьеиқәҵара рылаҳәоуп. Иорданиа, Шьамтәыла, Ҭырқәтәыла аҿагыларатә акциақәа мҩаԥысит палестинаа ирыдгыланы.