Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла аҳаиртә хыхьчара ахархәагақәа украинатәи аҳаирпланқәа ԥшьба ҭадырхеит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik. Урыстәыла аҳаиртә хыхьчара ахархәагақәа украинатәи аҳаирпланқәа Миг-29 хԥа ҭадырхеит, иара убас ажәыларатә ҳаирплан Су-25, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Урыстәыла аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи 147 раион рҿы иҭадырхеит аӷа ируааи итехникеи.
Иқәыцҟьаауп арадиолакациатә станциа, аԥшыхәратә ҭыԥқәа, иҭадырхеит 66-тәи амеханизациа зызу абригадақәа рыруааи ртехникеи.
Уахыки-ҽнаки рыла Киев иацәыӡит 60-ҩык аибашьцәа, акәылӡымашьынақәа ҩба, ԥшь-танкк, хә-пикапк, ахаланыҟәа-артиллериатә шьақәгыла "Krab", артиллериатә система М777.
Херсонтәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаан УАМ ажәыларатә гәыԥқәа ржәылара. Ари ахырхарҭаҿы аӷацәа ирцәыӡит 60-ҩык аибашьцәа, амашьанақәа хԥа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа аеродром "Долгинцево" аҟны иҟаз аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ԥыржәеит
Купиансктәи ахырхарҭаҿы иҭархан ажәаларатә гәаԥқәа хԥа, 150ҩык украинатәи аибашьцәа, аршьаҟауцаа рмашьынақәа ҩба, х-машьынак, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа.
Краснолимантәи ахырхарҭаҿы урыстәылатәи аруаа иҭадырхеит 30-ҩык украинатәи аибашьцәа, акәылӡымашьынақәа хԥа, ҩ-машьынак.
Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 550-ҩык украинатәи аибашьцәа, акәылӡымашьынақәа ҩба, ԥшь-машьынак, агаубица "Мста-Б". Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы ишьуп 105-ҩык аибашьцәа, акәылӡымашьынақәа ҩба, ҩ-машьынак, аицҭырҟьаратә шьақәгыла "Град", аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин Киев аконтржәылараан ацәыӡқәа дрылацәажәеит