АҞӘА, жьҭаара 25 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Украина атәылауаа, зыԥсадгьыл ахь ахынҳәра зҭаху АдәАР Аконсултә маҵзурахьы ма АШәМ Аҳәаахьчаратә отриад аҟәшахьы идҵаалароуп ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә гәыԥ аиҳабы Рустам Латипов.
Иара иажәақәа рыла, ареспублика анҭыҵҟа ацаразы азыҳәақәа ҟарҵахьеит быжьҩык рҟынӡа украинатәи атәылауаа.
Ахҭысқәа хаз-хазы иҭырҵаауеит, АдәАР Аконсултә маҵзура ақәшаҳаҭрала азҵаара рыӡбоит ҳәа иҳәеит Латипов.
Иара убасгьы иҳәеит, "агуманитартә ҟазшьа" змоу аҵаҵӷәы аҟазаараан Украина атәылауаа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры" иахысны Қырҭтәылаҟа ииасыр шыҟало.
Аԥсны аусбарҭақәа рыҟны Украина атәылауаа рзыҳәақәа ирыхәаԥшуеит хәымш ирҭагӡаны ҳәа азгәеиҭеит Латипов.
Урыстәыла аиҳабыра 2023 шықәса жьҭаара 6 рзы Украина атәылауаа ахԥатәи атәылақәа рҟынтәи атәыла ралалара аԥҟара шьақәдыргылеит. Адокумент инақәыршәаны жьҭаара 16 инаркны украинатәи атәылауаа атәыла иалалар ҟалоит АҬ "Лудонка" (Псковтәи аобласт), "Шереметьево" аҳаирбаӷәаза аушьҭырҭатә ҭыԥ аҟынтә.
Аԥҟара иаҵанакуеит 14 шықәса ирҭысхьоу. Ауснагӡатә еиҿкаауп Урыстәыла атәылауаа ршәарҭадаразы, аамҭалатәи аҟазшьа амоуп.