Аԥсны

Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҿы 500 шьап аԥсамзақәа еиҭарҳаит

Лӡаатәи анаплакҩцәа Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра аԥшаҳәа ахьҭацәыз ахарҭәааразы ҩышықәса зхыҵуа аԥсамзақәа реиҭаҳатә ҳамҭас ирырҭеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 25 – Sputnik, Бадри Есиава. Лӡаа ақыҭа аԥшаҳәа иахьаҵанакуа 500 шьап аԥсамзақәа еиҭарҳаит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит аҭҵаарадырраз Пицунда-мысратәи аҳәырԥсарра аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Сабина Лобода.
"Лӡаа иҟоуп иҭшәоу цәаҳәаны иахьцо аԥсамзара. Ари аплиаж анаҩс иаарту ҭыԥуп, араҟа аус руеит аакык-ҩбак аргыларақәа. Урҭ рыԥшәмацәа ари аҵакыра нап адкыланы ирымоуп, ихкааны ирыцкьаны акыдҩыларақәа кыдҵан иҟарҵеит. Дара ароуп 500 шьап аԥсамзақәа иааӡаны аиҭаҳатә ҳазҭазгьы, иҭацәу адгьылҵакыраҿ аиҭаҳаразы", - ҳәа лҳәеит лара.
Лобода лажәақәа рыла, аԥсамзақәа реиҭаҳара иалахәын аҳәырԥсарра аусзуҩцәеи Лӡаатәи ашколхәыҷқәеи. Аҵлақәа еиҭарҳаит 500 метра ԥшьаркца инарзынаԥшуа.
1 / 3

Пицундатәи аԥсамзақәа реиҭаҳатә

2 / 3

Пицундатәи аԥсамзақәа реиҭаҳатә

3 / 3

Лӡаатәи аԥсамзара

Лобода иазгәалҭеит, аԥсамзақәа шырааӡаз ашәҭҭрақәа рҿы, дара ҩышықәса шырхыҵуа. Уи иалнаршоит аԥсамзақәа ҿыц иахьиаргаз ибзиан ашьапы шакуа, избанзар аԥашә ԥырхага амаиуӡеит.
Аԥсамзақәа рааигәа-сигәа ԥырхага рмоур, ироуа амра ашәахәақәа ирыбзоураны хәы-шықәса рыла ҩ-метрак иазҳауеит.
Аԥсны
Аҵарауаа аинвазивтә ҵиаақәа Пицунда аҳәырԥсарраҟны ишаныруа ҭырҵаауеит