Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҵарауаа аинвазивтә ҵиаақәа Пицунда аҳәырԥсарраҟны ишаныруа ҭырҵаауеит

© Foto / Лилия ЛепешкинаУченые изучили влияние инвазивных растений на ареал Пицундо-мюссерского заповедника
Ученые изучили влияние инвазивных растений на ареал Пицундо-мюссерского заповедника    - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2023
Анапаҵаҩра
Воронежтәи ауниверситети Пицунда-мысратәи аҳәырԥсарреи русзуҩцәа иҭырҵаауеит афитоинвазиатә ҵиаақәа аҭыԥантәиқәа ишырныруа.
АҞӘА, жьҭаара 20 – Sputnik, Бадри Есиава. Урыстәылатәи аҵарауаа, Воронежтәи ауниверситет аусзуҩцәа афитоинвазиатә ҵиаақәа аҭыԥантәиқәа ишырныруа ҭырҵаауеит Пицунда-мысратәи аҳәырԥсарра иахьаҵанакуа ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Воронежтәи аҭҵаарадырратә университет аботаникатә баҳча аусзуҩ Лилиа Лепиошкина.

"Зыӡбахә ҳамоу аҭыԥантәи аекосистема иацәтәыму, иаԥырхагоу аҵиаахкқәа реилалара. Аԥсны зехьынџьара иалаҵәеит агәамсам ҵиаахк - канадатәи ашәҭҩежь ду. Мысра аџьра аҳаракыраҭыԥқәа ахьҭаҳҵаауаз иаҳбеит канадатәии буенос-аирестәии абгалақәа, ашәҭҩежьду уҳәа егьырҭгьы", - ҳәа лҳәеит лара.

Лепиошкина лажәақәа рыла, аҵарауаа иҟарҵаз агәаҭарақәа рыла алкаа ҟауҵар ҟалоит – аҳәырԥсарраҿы аекосистема аҽшаԥсахуа, аиҳарак ауаа ишрыхҟьо.
Лепиошкина агәра лгоит асеиԥш ахырхарҭа аҭыԥантәи аҵиаақәа рхыԥхьаӡара шмаҷхо ма ианыӡӡар шалшо.
"Ари глобалтә процессуп. Адунеи зегьы аҿы имҩаԥысуеит, аха иҟоуп агәҽанҵаратә усхкқәа. Раԥхьа иргыланы ауааԥсыра адырра рымазароуп. Ирацәаҩуп арҭ рҩызцәа аҵиаақәа декоративтәқәак реиԥш изааӡо, иаҳҳәап америкатәи ашьамашәыга, павловниа, ашәҭҩежь ду", - ҳәа еиҭалҳәоит Лепиошкина.
Ученые изучили состояние панкрации морского в Пицундо-мюссерском заповеднике - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.10.2023
Аԥсны
Аҵарауаа Пицунда-мысратәи аҳәырԥсарраҿ аҵиаа амшынтә панкрациа аҭагылазаашьа ҭырҵааит
Аҵарауаҩ лгәаанагарала арҭ апроцессқәа хылаԥшра рыҭалатәуп аҳәырԥсаррақәа рҿы. Урыстәыла ампыҵахаларатә-ҵиаақәа ықәыргоит, уи хазы ауаа азкны.
Иазгәаҭоуп, аҭҵаарақәа анхыркәшахалак ашьҭахь аҭҵаарадырратә статиақәа азырхианы, иҭыжьны Воронежтәи ауниверситет аконференциаҟны ацәыргара.
Обитатели Рицинского реликтового национального парка в фотоловушках  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2023
Аԥсны
Афотокаҭақәа рхархәарала зхыԥхьаӡара маҷу аԥстәқәа Риҵатәи апарк аҿы ишыҟоу шьақәырӷәӷәоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0