Урыстәыла

Украинатәи амшыншьаҟауаҩ ауаа рышьразы адҵа ахьыҟаиҵаз азы аҭакра иқәырҵеит

Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы иҭнаҵаауеит аоперациа ҷыда ахьымҩаԥысуа аҭынч уааԥсыра рышьра афактқәа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 25 – Sputnik. УАМ амшыншьаҟауаа ррота адҵаҟаҵаҩ Олег Ткаченко 28 шықәса зрежим ӷәӷәоу аколониаҿы ахгара иқәҵоуп Мариуполь аҭынч уааԥсыра рышьразы адҵа ахьыҟаиҵаз азы ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы.
Ткаченко ахара ихараҵоуп аполитикатәи аидеологиатәи цәымӷра ашьаҭала ҩыџьеи инареиҳани аграждантә уааԥсыра рышьразы, аибашьраҿ ззин ҟаҵам аметодқәа ихы иахьаирхәаз азы.
Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы ишьақәнаргылеит 2022 шықәса хәажәкыра 1 инаркны 20-нӡа Ткаченкои инапаҵаҟа иҟаз аруааи Мариуполь ишгылаз.
Ҽнак зны аррамаҵзурауаҩ, "Сокол" ҳәа хьӡшьараны измаз, адҵаҟаҵаҩ иеиҳәеит аҩнқәа руак асоф аҿы ҩыџьа аҭынч уааԥсыра УАМ азы иакәым рҳәон ҳәа. Ткаченко урҭ рышьразы адҵа ҟаиҵеит. Ашаҳаҭцәа ишырҳәо ала, 44, 29 шықәса зхыҵуаз ахацәа шьамхнышргыланы рыҩнаҿы ишыршьыз.
Арыцҳара иақәшәеит ҳәа ишьоуп иршьыз руаӡәк иашьеи иԥҳәыси. Дара ҩба-ҩба миллион мааҭ рырҭарц иқәгылеит аморалтә ааха ироуз азы. Ткаченко иҿы иқәшаҳаҭхеит, иҟаиҵаз дахьхәит.