Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа ДЖәР аҿы УАМ анапхгараҭаратә ҭыԥқәа хԥа ықәрыцҟьааит

Аоператив-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызмам ахархәагақәеи, аракетатә ари, артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла 128 раион рҿы УАМ арратә техникеи аруааи ааха рырҭеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 27 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа ДЖәР аҿы УАМ анапхгараҭаратә ҭыԥқәа хԥа ықәрыцҟьааит уахыки-ҽнаки рыла. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.

"Донецктәи жәлар рреспублика аиланхарҭақәа Серебранкеи Новомихаиловкеи рҟны УАМ амеханизациа зызуу 67-тәии 72-тәии абригадақәа, амилаҭтә гвардиа 31-тәи аоперативтә бригада анапхгараҭарҭатә ҭыԥқәа рхәашоуп", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа аицҭырҟьаратә система HIMARS, GLSDB рыхгәыцәқәа фба карыжьит, украинатәи адронқәа 27.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп УАМ аибашьцәа 225-ҩык, иаԥырҟәҟәаауп амеханизациа зызуу 41-тәи, 54-тәи, 67-тәи абригадақәа, аегерцәа 68-тәи рыбригада ржәыларақәа фба. Иҭархоуп атанк, ҩ-кәылӡмашьынак, х-автомашьынак, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика".
Краснолимантәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп УАМ аибашьцәа 120-ҩык, иаԥырҟәҟәаауп амеханизациа зызуу 24-тәи, 67-тәи абригадақәа ржәыларақәа, Киев иацәыӡит аршьаҟауаа рмашьынақәа ҩба, артиллериатә шьақәгыла "Акация".
Урыстәыла
Украинатәи амшыншьаҟауаҩ ауаа рышьразы адҵа ахьыҟаиҵаз азы аҭакра иқәырҵеит
Донецктәи ахырхарҭаҿ иаԥырҟәҟәаан УАМ ажәыларатә гәыԥ Богдановка ажәылара, аӷа ааха иҭан Андреевка, Клешьеевка, Васуковка араионқәа рҿы. Киев иацәыӡит 295-ҩык аруааи, хә-кәылӡмашьынаки, ҩ-автомашьынаки, артиллериатә система М777, агаубица "Мста-Б", артиллериатә шьақәгыла "Dana".
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿ иҭархан шәҩык аибашьцәа, ҩ-кәылӡмашьынак, артиллериатә система М777, артиллериатә шьақәгыла "Акация", ҩ-гаубицк Д-20. Запорожиатәи ахырхарҭаҿы амеханизациа зызуу 65-тәи абригада ажәылара аԥырҟәҟәаан, иҭархан 85-ҩык асолдаҭцәа, х-танкк, Leopard, акәылӡмашьынақәа ԥшьба, ҩ-автомашьынак, артиллериатә система М777, Д-20, агаубица М119.
Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 25-ҩык украинатәи аибашьцәа, х-автомашьынак, агаубица "Мста-Б", УАМ абџьарҵәахырҭа.