Аԥсны

"Амшынеиқәафымцамч": Урыстәыла Аԥсныҟа афымцамч аанашьҭларц азы аиҿцәажәарақәа цоит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik. Урыстәыла Аԥсныҟа афымцамч аанашьҭларц азы аиҿцәажәарақәа цоит, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" анапхгаҩы Ҭемыр Џьынџьолиа.
Џьынџьолиа иажәақәа рыла, ЕгрыГЕС иамоу амчхара мацарала аӡынразы ауааԥсыра фымцалашарала реиқәыршәара залыршахом.
"Хара имгакәа уи аӡҵаара ӡбахоит ҳәа сгәы иаанагоит. Аамҭа -аамҭала афымца арцәара алагалара адҳәалоуп- ЕгрыГЕС аусушьеи, иара убас Урыстәылантәи иаарышьҭуа афымцамч ахышәаҵышәеи.
Џьуартәи аӡеизакырҭаҟны уажәы аӡы аҩаӡара 422 метра иҟоуп.
Уажәаԥхьа Аслан Бжьаниа аҳәамҭа ҟаиҵахьан, ҭагалан Џьуартәи аӡеизакырҭаҟны аӡы азымхара ҟалар ҟалоит, уи азы Аԥсны ауааԥсыра фымцалашарала реиқәыршәаразы Урыстәылахь аҳәара ҟаҵатәуп ҳәа.
Аԥсны
Бжьаниа ЕгрыГЕС аусушьа гәеиҭеит