Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украина абиологиатә бџьарла аичырчара агәҭакуп Урыстәыла ахара аднаҵарц

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 31 - Sputnik. Украина ашәарҭадаратә маҵзуреи амилаҭтә полициеи "атәым бираҟ иаҵагылан" абиологиатә бџьар рхы иадырхәар ҟалоит аичырчара ҳасабла ҳәа иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа арадиациатә, ахимиатә, абиологиатә хьчара ар реиҳабы, аинрал-леитенант Игор Кириллов.
Еиду Америкатәи аштатқәа ацхыраарала Львов нанҳәеи-цәыббреи амзақәа рзы имҩаԥгаз атренинг аҿы аус адыруылон аԥсаатә еимҳәа авирус ахархәарала апровакациа амҩаԥгашьа, Урыстәыла абиологиатә диверсиа мҩаԥнагеит ҳәа ахара адҵара алдыршарц. Ари ауснагӡатә напхгара аиҭон Британиа ду ахаҭарнак Филипп Ленцос ҳәа иҳәеит Кириллов абрифинг аҿы.
"Хазы иазгәасҭар сҭахуп атренинг ишалахәыз Украина ашәарҭадаратә маҵзуреи амилаҭ полициеи рхаҭарнакцәа. Ари агәра унаргоит украинатәи амаҵзура ҷыдақәа абиологиатә бџьар рхы иадырхәарц ргәы ишҭоу", - ҳәа иҳәеит Кириллов.
Атәылахьчара аминистрра адыррала, атренинг иалахәын Украина аҳәынҭқарратә мчрақәа, Украина ашәарҭадаратә маҵзура (УШәМ), амилаҭтә полициа иара убасгьы аҳәаанырцәтәи икоммерциатәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.
Аҽазыҟаҵарақәа гәҭакыс ирымоуп Украина Николаевтәи аобласт аҿы аҿкчымазара аарԥшхар, анализқәа ргара.
Урҭ рлыҵшәақәа рыла Урыстәыла абиодиверсиа мҩаԥнагеит ҳәа аинформациа аларҵәахоит АИХқәа рхархәарала, аиҳаракгьы аҳәаанырцәтәиқәа.