Аԥсны

Аԥсни Краснодартәи атәылаҿацәи АҶ рминистррақәа рхаҭарнакцәа аусеицуразы еилацәажәеит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа раԥыхреи, агәҽанызаара рыҭареи азҵаарақәа рыла русеицуразы еилацәажәеит Аԥсны АҶ рминистр Лев Кәыҵниеи Урыстәыла АҶА аусбарҭа хада Краснодартәи атәылаҿацә ахада ин.н. Николаи Платонихин. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
"Ҳҿапхьа иқәгылоу адҵақәа иреиуоуп- ҳусеицура аҳәаақәҵареи, аиқәырхаҩцәа разыҟаҵараҿы ҳԥышәеимдареи, аҭагылазаашьа ҷыдақәа раԥыхразы еицаҳзеиԥшу аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгареи роуп", - иҳәеит Платонихин.
Платонихи иажәақәа рыла, Урыстәыла АҶА анапхгара ҳтәылақәа русеицура ихадароу зҵаараны иахәаԥшуеит.
Лев Кәыҵниа иазгәеиҭеит, аҩ-тәылак реиқәырхаратә усбарҭақәа русеицура аамҭақәа ишԥыршәахьоу, уи аҿиара атәылақәа рҭахрақәа ишрықәшәо.
Аганқәа иазгәарҭеит еицырзеиԥшу аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара шхымԥадатәиу. Аусутә гәыԥ аԥҵаразы аӡбра рыдыркылеит, уи ҩымчыбжь иалагӡаны аусеицуразы аплан еиқәнаршәоит.
Аԥсны
Кәыҵниа далацәажәеит Белоруссиеи Аԥсни рԥышәеимдара аҵакы шамоу