Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Кәыҵниа далацәажәеит Белоруссиеи Аԥсни рԥышәеимдара аҵакы шамоу

© Sputnik / Марианна Кубрава Лев Квициния
Лев Квициния - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.10.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны АҶА ахада ареспублика аделегациа далахәны Белоруссиа аҳҭнықалақь Минск дыҟоуп.
АҞӘА, жьҭаара 30 - Sputnik. Белоруссиа аԥснытәи аиқәырхаҩцәа рзы аинтерес аҵоуп аԥышәеимдара аганахьала ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа.
Иара иҳәеит Минск иҟазаараан белоруссиатәи аиқәырхаратә усбарҭа аусура шҭиҵааз, иазгәеиҭеит уи ҩаӡара ҳаракыла ишеиҿкаау.

"Ҳәарада раԥхьа иргыланы аԥыжәара аҭоуп Аԥсны аҳаирбаӷәаза аартра. Даара исҭахуп аҟазауаа аԥснытәиқәа ракәзарц. Ибзианы еилыскаауеит уи акыршықәса аус шамуаз, уи азы амаҵзурагьы иара аганахьала ишыҟам, аха азыҟаҵара змоу ҳуаа ыҟазар сҭахуп", - ҳәа иҳәеит иара.

АҶА ахада иҳәеит Аԥсныҟа дшаалак ахада Аслан Бжьаниа диҿцәажәарц дшыҟоу абри ахырхарҭаҿтәи ажәадгалақәа рганахьала.
Лев Кәыҵниа Минск иҟазаараан диԥылеит белоруссиатәи иколлега Вадим Синиавски, уи ихаҭыԥуаҩ Александр Худолеев. Аиԥылараан Кәыҵниа аинтерес иманы дазҵааит белоруссиатәи аусбарҭа аструктура шеиҿкаау, атехникалеи атехнологиақәа рылеи ишеиқәыршәо, аҟазауаа шазыҟаҵо. Дазҵааит атехника ҷыдеи амыругақәеи рҭыжьра аус шцо.
Жьҭаара 27 рзы Минскҟа инеиз Аԥсны аганахьалатәи аделегациа иалахәын адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр; иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба.
Ажәабжьқәа зегьы
0